Аҟәатәи ашьаҵаӡахҩы ифилософиа

© Sputnik / Томас ТхайцукАшот Екшиан ашьаҵаӡахҩы
Ашот Екшиан ашьаҵаӡахҩы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашот Екшиан шьаҵаӡахҩыс аус иуеит 22 шықәса инарзынаԥшуа. Иара иажәақәа рыла изанааҭ иахьазы даара иаҭахны иҟоуп.

Бадраҟ Аҩыӡба, Sputnik

Аҟәа ирацәоуп ашьаҵеимаа ахьырӡахуеи аремонт ахьазыруеи аҭыԥқәа. Уа аус зуагьы иазгәарҭоит рзанааҭ иахьа ахархәара маҷымкәа ишамоу. Урҭ ԥхынгьы ӡынгьы рус ԥкым. Ирацәоуп зҟазарҭақәа аҩнеихагылақәа рыҵаҟа иҟазҵаз. Урҭ аҩнқәа рҟны инхо уи агәахәара рнаҭоит, избанзар аҩнқәа рподвалқәа еснагь ицқьоуп уи адагьы ианаарҭахха ршьаҵа налбааган аҟаза ирҭоит.

Ашот Екшиан иҟазарҭаҿ ҳаннеиз аҭааҩ дизгылан, иааигаз ишьаҵа шыҟаҵатәу далацәажәо. Ашотгьы изымдыруаз ак иаҳауазшәа дӡырыҩуан. Ҳәарада уҭааҩ ииҳәо, ииҭаху узеилымкаауа ариаҟара шықәса аусура залшомзар акәхап. Уи ус шакәу ааирԥшуан ҳара ҳҟазагьы.

© Sputnik / Томас ТхайцукСапожник Ашот Экшиян
Сапожник Ашот Экшиян - Sputnik Аҧсны
Сапожник Ашот Экшиян

Сара сакәзар аганахь сгыланы сазыԥшуан ажә аҿыцрахь ахы шархоз апроцесс.

"Ашьаҵаӡахҩы изанааҭ ижәытәӡатәиқәоу ишреиуамгьы ауаа акыр ирҭахуқәа иреиуоуп", — иҳәоит Ашот.

Ашот иажәақәа рыла аибашьра ҟалаанӡа аиҿцәажәаратә станциаҟны еимадаҩыс аус иуан. Нас аԥсҭазаара ианаҭахха абри азанааҭ инапы алеикит.

"Сара схәыҷаахыс аӡахыга машьынкала аус зуан. Саб сицхраауан. Уи амашьынаҭаршәқәа иӡахуан. Убри азы азанааҭ ҿыц ахь аиасра рацәак исцәыуадаҩымхеит", ҳәа иҳәоит Ашот.

Аибашьра ашьҭахь аҭиҩцәа арахь иаарго иалагеит зынҵыра маҷӡаз ашьаҵеимаа. Ибзиоу ашьаҵатәы аархәартә еиԥш аҭагылазаашьа ахьрымамыз иахҟьаны ауаа уи аархәар ада ԥсыхәа рымамызт, ҳәа азгәеиҭоит Ашот.

"Иарбанызаалак ашьаҵа аамҭа иаражәуеит. Сара исуалу уи аамҭа ароуроуп. Иҟоуп Тҟәарчал ма Гәдоуҭантәи исзаауа. Исылшо ала срыцхраауеит", — иҳәоит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукСапожник Ашот Экшиян
Сапожник Ашот Экшиян - Sputnik Аҧсны
Сапожник Ашот Экшиян

Ашот изанааҭ аамҭа рацәа шицәагоугьы бзиа ибоит.

"Лассы-лассы аџьармыкьаҿ ахәаахәҭра ма аҽа усурак сыдыргалалоит, аха сара сақәшаҳаҭхом. Уа аԥара еиҳа ирацәаны ишурҳауагьы ҭынчымҩа уоуӡауам. Ара еиҳа исызгьамоуп. Сгәы иаахәоит сызҿу", — иҳәоит иара.

© Sputnik / Томас ТхайцукСапожник Ашот Экшиян
Сапожник Ашот Экшиян - Sputnik Аҧсны
Сапожник Ашот Экшиян

Сара сахьихәаԥшуа еилыскаауеит Ашот насыԥ змоу ауаа дшырхыԥхьаӡалоу. Иара игәы ззыҳәо инапы алакуп. Ихи иареи реизыҟазаашьа ҭышәынтәаланы ибоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0