Екатерина Гуськова лцәыргақәҵа Аҟәа имҩаԥысит

© Sputnik / Томас ТхайцукКартина Екатерины Гуськовой
Картина Екатерины Гуськовой - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Екатерина Гуськова лцәыргақәҵаҿ аҭааҩцәа ирыдгалан 40 рҟынӡа амшыни амшынтә ныҟәарақәеи ирызку асахьақәа.

АҞӘА, цәыббра 5 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥсуа сахьаҭыхыҩ Екатерина Гуськова лцәыргақәҵа "Море" мҩаԥысит Аҟәатәи амшынԥшаҳәаҿы, ахәаша, цәыббра 2 рзы. Екатерина Гуськова лцәыргақәҵаҿ аҭааҩцәа ирыдгалан хәышықәса инарзынаԥшуа аус здылулоз 40 рҟынӡа амшыни амшынтә ныҟәарақәеи ирызку асахьақәа.

"Сара амшын даара бзиа избоит. Еснагь исҭахын аԥратә спорт сҽадысҳәалар, аха Аҟәа аиахт-клуб шыҟаз анеилыскааз хышықәса раԥхьоуп. Уиаахыс уигьы снапы алакуп", ҳәа еиҭалҳәоит Екатерина.

Гуськова илҳәоит лсахьақәа рыбжак иара абра амшынԥшаҳәаҟны ишылыҩуаз, иҟоуп аиахтаҿ иҭылхызгьы.

Екатерина Гуськова асахьаҭыхра далагеит ԥшьышықәса анылхыҵуаз инаркны, аиҳарак лхы иалырхәоит ахәшеи агуаши. Зых иақәиҭу сахьаҭыхыҩны лхы лыԥхьаӡоит. Иалкаан хырхарҭак макьаназ илымԥшаац. Лырҿиамҭақәа иреиӷьуп ҳәа илыԥхьаӡоит аҭыхымҭа "Чайка"

"Аҷнышқәа сара реиҳа бзиа избо ԥсаатәқәоуп. Сара сзы дара ахақәиҭра иасимволуп", — лҳәоит лара.

© Sputnik / Томас ТхайцукКартина Екатерины Гуськовой
Картина Екатерины Гуськовой - Sputnik Аҧсны
1/4
Картина Екатерины Гуськовой
© Sputnik / Томас ТхайцукКартины Екатерины Гуськовой
Картины Екатерины Гуськовой - Sputnik Аҧсны
2/4
Картины Екатерины Гуськовой
© Sputnik / Томас ТхайцукКартина Екатерины Гуськовой
Картина Екатерины Гуськовой - Sputnik Аҧсны
3/4
Картина Екатерины Гуськовой
© Sputnik / Томас ТхайцукКартина Екатерины Гуськовой
Картина Екатерины Гуськовой - Sputnik Аҧсны
4/4
Картина Екатерины Гуськовой
1/4
Картина Екатерины Гуськовой
2/4
Картины Екатерины Гуськовой
3/4
Картина Екатерины Гуськовой
4/4
Картина Екатерины Гуськовой

Екатерина Гуськова лцәыргақәҵа ирацәаҩуп иаднаԥхьалаз. Апресса адагьы ирацәаҩын аҟазара абзиабаҩцәа. Иҟоуп урҭ рҟынтәи иазгәазҭаз иҿыцу адунеи ҳзаатит иахьа абра ҳәа.

Асахьаҭыхыҩқәыԥш длывагыларц арахь дааит лан – Надежда.

Надежда лажәақәа рыла аҭаацәа рҿы Екатерина лымацара лакәым асахьаҭыхра бзиа избо.

"Сыԥҳаиҳаб декономиступ, аха даара ишьахәны дҭыхуеит. Сара еснагь сыӡӷабцәа рыдгылара изҿу ргәы азҭаҵара сҽазысшәоит", — лҳәоит Надежда Гуськова.

Екатерина илыгәҭакуп аҳәаанырцә ацәыргақәҵа аиҿкаара.

Ажәабжьқәа зегьы
0