Аԥсны атуристцәа бзиа ирбо тәылоуп

© Sputnik / Владимир БегуновАтуристцәа.
Атуристцәа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла анҭыҵҟа ԥсшьара ҳәа ицо урыстәылатәи атуристцәа еиҳа еиҳа имаҷхоит. Абри атәы азгәанаҭоит Урыстәыла атуроператорцәа Рассоциациа.

АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik. Росстат адыррақәа рыла 2016 шықәса актәи афымз рзы атуристцәа еиҳарак Аԥсныҟа иаауан.

Арахь иааит 1,5 млн. ауаа, Финлиандиаҟа — 1,26 млн, Ҟазахстанҟа — 1,25 млн, Украинаҟа — 816 нызқь, Китаиҟа — 712 нызқь, Естониаҟа — 698 нызқь, Польшаҟа — 581 нызқь, Германиаҟа — 468 нызқь, Таиландҟа — 441 нызқь, Испаниаҟа — 321 нызқь ауаа.

2016 шықәса актәи азыбжазы урыстәылаа имҩаԥыргеит 13,2 млн ҳәаанҭыҵтә ныҟәара. Уи 13,1% рыла еиҵоуп 2015 шықәса раан аасҭа (15,2 млн).

Иара убасгьы атуристтә поток рацәа ҟалеит Тунисҟа. Ашықәс раԥхьатәи азыбжазы уахь инеиит 186 нызқьҩык атуристцәа.

Иара убас егьырҭ атәылақәа рахь: Кипр — 314 нызқь ныҟәара, Италиа — 313 нызқь, Литва — 303 нызқь, Қырҭтәыла — 298 нызқь, Азербаиџьан — 267 нызқь, Бырзентәыла — 260 нызқь, Болгариа — 182 нызқь, Франциа —180 нызқь.

Ажәабжьқәа зегьы
0