Таиф Аџьба ипремиа аиуразы аконкурс иалахәуп ԥшь-усумҭак

© Foto / из личного архива семьи АджбаТаиф Аџьба ипремиа аиуразы аконкурс иалахәуп ԥшь-усумҭак
Таиф Аџьба ипремиа аиуразы аконкурс иалахәуп ԥшь-усумҭак - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа шьаҭаркын хәажәкыра 11 2016 шықәсазы апоет имшира аҽны.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Таиф Аџьба ипремиа аиуразы иқәыргылоуп ԥшь-усумҭак, иҳәеит апремиа аиуразы акомиссиа ахантәаҩы Валентин Коӷониа.

"Платон Бебиа ишәҟәы "Уа мшыбзиа амш бзиа" ахьӡуп, анаҩсан иаҳзааит Валери Касланӡиа ахәыҷқәа ирызкны ииҩыз апоезиатә рҿиамҭақәа реизгақәа ҩба, акы иахьӡуп "Анҷакәынҷа", егьи "Жьакәыр гәымшәа", иара убас Рушьбеи Смыр иажәеинраалақәа рышәҟәы "Аҵыс иаҵәа", иара убас, апроза ажанр ала иаҳзааит Анатоли Лагәлаа иажәабжьқәа реизга ахәыҷқәа рзы "Ардәына захьӡу", — азгәеиҭеит уи.

Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аиуразы акомиссиа иалоуп быжьҩык, урҭ иалырхуеит апремиа занашьахо аусумҭа.

"Ҩымз-хымз рыҩнуҵаҟа аҩымҭақәа рыхцәажәара аус ҵасыр ауп, арадио, ателехәаԥшра, акьыԥхь рҿы. Абарҭ аҩымҭақәа аспециалистцәа ахцәажәар ауп, нас алкаақәа ҟарҵар ауп. Нас, ажьырныҳәамзазы акомиссиа еилатәоит, ахцәажәарақәа иҟаҵаз хшыҩзышьҭра рзуны аиааира згаз маӡалатәи бжьыҭирала иалыркаауеит", — иҳәеит уи.

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Таиф Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа еиҿкаан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи рабжьгарала. Аусуратә комиссиа дахагылоуп афилологиатә наукақәа рдоктор Валентин Коӷониа.

Аконкурс ахь адокументқәа рыдыркылон 2016 шықәса лаҵарамза 25 инаркны нанҳәа 25-нӡа.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0