"Софичка" апремиера Таллин имҩаԥысраны иҟоуп

© Sputnik / Илона Хварцкия"Софичка" апримиера Таллин имҩаԥысраны иҟоуп
Софичка апримиера Таллин имҩаԥысраны иҟоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы, апоет Фазиль Искандер изкыз астол гьыжь мҩаԥысит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху амемориалтә музеи аҟны ахаша, цәыббра 14 рзы.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Абҵара 20 рзы афильм "Софичка" апремиера мҩаԥысраны иҟоуп Таллинтәи акинофестиваль аҟны, лҳәеит Аԥсны акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа.

"Аҩаша арежиссиор Александр Сокуров ашәҟәы ҳзааишьҭит афильм апремиера мҩаԥысраны ишыҟоу ала. Иара иазгәеиҭеит ишиҭаху апремиера ашьҭахь афильм аԥсуа хәаԥшҩы ибарц шиҭаху", — лҳәеит Арсалиаԥҳа.

Аминистр иазгәалҭеит Фазиль Искандер адунеи зегьы аҟны дрылаҵәаны дшыҟоу.

Арежиссер қәыԥш Кира Коваленко, Александр Сокуров иҟазарҭа аушьҭымҭа иҭылхыз афильм "Софичка" иалахәын аԥсуа актиорцәа. Афильм аҭыхраҿы ацхыраара ҟанаҵеит акиностудиа "Ленфильм".

Ажәабжьқәа зегьы
0