Ешба: Аԥсны алхрақәа ирыцхраауеит

© Sputnik / Томас ТхайцукБеслан Эшба
Беслан Эшба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 18 рзы. Аԥсны иахьаҵанакуа абри амш азы иаартхоит алхырҭа ҭыԥқәа жәба.

АҞӘА, цәыббра 15 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Аԥсуа ган ишалшо ала ацхыраара ҟанаҵоит Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа ишахәҭоу еиԥш имҩаԥгахарц азы. Абри атәы цәыббра 14 рзы "Клуб избирателей" алахәылацәа данырԥылоз иазгәеиҭеит Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба.

Витали Габниеи Владимир Таимазови аиԥылара рыман - Sputnik Аҧсны
Витали Габниеи Владимир Таимазови аиԥылара рыман

"Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа алхрақәа активла рхы рыладырхәырц ҳҭахуп. Иахәҭоу аҭагылазаашьақәа зегьы Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа иаԥнаҵеит. Аԥсуа гангьы ишалшо ала ацхыраара ҟанаҵоит Аԥсны аҵакырадгьыл аҿы Аҳәынҭқарратә думахь алхрақәа ишахәҭоу еиԥш имҩаԥгахарц азы. Дарбанызаалак алхҩы имоуп алшара алхрақәа иҽрылаирхәырц", — иҳәеит Ешба.

Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иара убасгьы иҳәеит араионтә администрациақәа рхадацәа абжьыҭира амш аҽны хәыда-ԥсада атранспорт аныҟәара еиҿыркаарц шрыдҵо.

Амҽыша, цәыббра 18 рзы алхратә ҭыԥқәа аус руеит ашьыжь асааҭ 08:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0