Коӷониа: Таиф Аџьба ихьӡ зху апремиа аиуразы аусумҭақәа рыхцәажәара хацыркуп

© SputnikАпремиа аиуразы акомиссиа ахантәаҩы Валентин Коӷониа.
Апремиа аиуразы акомиссиа ахантәаҩы Валентин Коӷониа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа шьаҭаркын хәажәкыра 11 2016 шықәсазы апоет имш иира аҽны.

АҞӘА, цәыббра 16 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа аиуразы иқәыргылоу аусумҭақәа рыхцәажәара апроцесс хацыркуп, абри атәы иҳәеит апремиа аиуразы акомиссиа ахантәаҩы Валентин Коӷониа.

"Иахьазы иқәыргылоу аусумҭакәа рыхцәажәара апроцесс хацыркуп. Ԥхынҷкәын 31-нӡа арадиоҿы, ателехәаԥшраҿы, акьыԥхь аҿы иалаҟоу аспециалистцәа, алитературатә акритикцәа рыбжьы ақәдыргарц ҳтахуп. Урҭ ргәаанагарақәа ахшыҩзышьҭра азуны, анаҩс акомиссиа алкаа ҟанаҵоит аҳәынҭқарратә премиа занашьатәу ҳәа. Таиф Аџьба ихьӡ зху алитературатә премиа заԥҵоу ахықәкқәа ируакуп ахьӡ ҿыцқәа рцәыргара, аҩымҭа ҿыцқәа раарԥшра", — ҳәа иҳәеит аҵарауаҩ.

Валентин Коӷониа иажәақәа рыла, Таиф Аџьба ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа шьақәгылоуп х-номинациак рыла.

Таиф Аџьба ипремиа аиуразы аконкурс иалахәуп ԥшь-усумҭак - Sputnik Аҧсны
Таиф Аџьба ипремиа аиуразы аконкурс иалахәуп ԥшь-усумҭак

"Даҽакала иаҳҳәозар аконкурс иалахуп аусумҭақәа х-жанрк рыла: апроза, апоезиа, адраматургиа. Хымыз раԥхьа акомиссиа ирыланаҳәеит аконкурс ахацыркра ишалагаз. Иахьазы, иҳауыз аматериалқәа рахьынтә иқәҳаргылеит х-усумҭак, зынӡа иҳауит ԥшь-усумҭак, аха адраматургиа ажанр ала иҳауыз аҩымҭа, аԥҟарақәа ирықәнагом ҳәа иазаҳаԥхьаӡеит. Иҳауыз аусумҭақәа ртәы ҳҳәозар: Анатоли Лагәлаа ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызкны иаԥиҵаз ажәабжьқәа, аповестқәа реизгақәа ҳауит ҩба, урҭ рахьынтә акомиссиа иалнахит ажәабжьқәа реизга "Ардәына" захьӡу. Иара убас, еицырдыруа аԥсуа поет, адраматург Валери Касланӡиа ахәыҷқәа рзы иаԥиҵаз ашәҟәқәа ҩба "Жьакәыри" "Анҷа-кәынҷеи", ашәҟәыҩҩы, апоет Платон Бебиеи иҩыз ашәҟәы "Уа мшабзиа, амш бзиа", аҵыхәтәаны иаҳзааит Аԥсны Жәлар рпоет Рушьбеи Смыр ахәыҷқәа иранаишьаз ажәеинраалақәа реизга "Аҵыс иаҵәа". Ажәакала, апроза ажанр аҟны иқәҳаргылеит х-усумҭак, апоезиа жанр аҿы усумҭак", — азгәеиҭеит акомиссиа ахантәаҩы.

Ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку алитература арҿиараҿы алагалазы Таиф Аџьба ихьӡ зху Аԥсны Аҳәынҭқарратә литературатә премиа еиҿкаан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа рассоциациеи ашәҟәыҩҩцәа реидгылеи рабжьгарала. Аусуратә комиссиа дахагылоуп афилологиатә наукақәа рдоктор Валентин Коӷониа.

Аконкурс ахь адокументқәа рыдыркылон 2016 шықәса лаҵарамза 25 инаркны нанҳәа 25-нӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0