Анзор Мықәба: Витали Амаршьан ажәа дазҟазоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат Витали Амаршьан.
Аԥсны жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат Витали Амаршьан. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны жәлар рпоет, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху апремиа алауреат Витали Амаршьан 75 шықәса ихыҵит.

АҞӘА, цәыббра 22 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Витали Амаршьан асахьаркыратә ажәа дазҟазоуп, иҳәеит Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Анзор Мықәба.

"Витали Амаршьан — апоет, ашәҟыҩҩы, аҟыбаҩ ду злоу арҿиаҩы иакәны дыҟоуп. Иара иҩхьеит имаҷымкәа ԥсра зқәым арҿиамҭақәа. Ироман "Аԥсҳа" акәзар аԥсуа литератураҟны инарылукааша рҿиамҭоуп", — иҳәеит Мықәба.

Анзор Муқәба иажәақәа рыла аҭоурых рҿиамҭақәа раԥҵара акырӡа иуадаҩуп. Уи уқәҿиарц азы зыӡбахә уалацәажәо аамҭа уалаӡҩароуп. Мықәба игәаанагарала Витали Амаршьан уи илиршеит.

Витали Амаршьан инапы иҵыҵит акыр жәеинраалеи прозатә рҿиамҭеи.

© Sputnik / Бадрак АвидзбаКнига Виталий Амаршан
Книга Виталий Амаршан - Sputnik Аҧсны
Книга Виталий Амаршан

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа маӡаныҟәгаҩыс дамоуп, "Ахьӡ-Аԥша" III аҩаӡара ианашьоуп, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа далауреатуп.

2014 шықәса рзы илитературатә рҿиаразы Витали Амаршьан ианашьахеит "Аԥсны жәлар рпоет" ҳәа ахьӡ.

Ажәабжьқәа зегьы
0