Аԥснытәи адует "Голос" иалахәын

© SputnikГолос.
Голос. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Авокалтә телехәаԥшратә шоу "Голос" аефир ахь иҭыҵуеит 2012 шықәса раахыс, иагьыԥхьаӡоуп иреиӷьу амузыкатә шоу ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 26 – Sputnik, Бадри Есиава. Актәи аканал аҟны авокалтә телехәаԥшратә шоу "Голос" иалахәын Гәдоуҭа ақалақь аҟынтәи аишьцәа Ҳагаа – Ҭимури Дениси.

Аишьцәа руаӡәк Sputnik акорреспондент изеиҭеиҳәеит:

"Иахьа авокалтә проект "Голос" ддырбон. Уа ҳара ҳалахәын. Ҳара ҳахь ихьаҳәит ажиури алахәылацәа зегьы Григори Лепс ида. Ҳара аханатәгьы иаҳҭахын Леонид Агутин икоманда алахәхара. Ус иагьыҟалеит. Ҳара далаҳхит Леонид Агутин", — иҳәеит Денис Ҳагба.

Денис еиҭеиҳәоит акастинг ианахыс ашьҭахь ишалырхыз аконкурс азы ашәа Al Jarreau–We're In This Love Together.

"Ашәа абжара ҳнеихьан ҳара ҳахь дааҳәит Дмитри Билан, Нас Леонид Агутин, ашьҭахь — Полина Гагарина. Ҳара Агутин далаҳхит, избанзар ирҿиара еиҳа иаҳзааигәоуп", — иҳәеит Денис Ҳагба.

Иара иҳәеит риааира атәы раԥхьаӡа иззынарыцҳаз ран шлакәу. Уи ҳәарада гәырӷьаран ан лзы.

Аишьцәа Ҭимури Дениси Ҳагаа ихәыҷаахыс амузыка рнапы алакуп. Москва амузыкатә ҵараиурҭа иагеит. Уа еиҿкааны ирымоуп агәыԥ "TimBand".

Ажәабжьқәа зегьы
0