Хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ргәымшәара ахаан иаҳхашҭуам

Хаешьаратә Республикақәа рҿынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз
Хаешьаратә Республикақәа рҿынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҳаешьаратә Республикақәа рҿынтә хатәгәаԥхарала иааны еибашьуаз ранацәеи рабацәеи рхәыҷқәа ргәалашәараҿы ишынхаз ҳацеиҩыршеит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ҟарачы-Черқьесск, Ԥсыж ақыҭа анышә дамадоуп "Леон иорден" занашьоу Владимир Кьышьмахуа. Хьыӡшьарас Кьеша ҳәа зарҳәоз Владимир, иҭаацәа Аԥснынтә аԥсуаа рбара акыр еигәырӷьеит. Кеша иан Аруџьан, лгәы иҭаз лылаӷырӡқәа илыдмырҳәо лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит:

Доброволец из КБР Анзор Яхагоев. - Sputnik Аҧсны
Иахагоев: сашьа автобус дҭалан иҽиӡеит Аԥсныҟа еибашьра дцаразы

"Аԥснынтә аԥсуаа анаҳзаауа ҳаҷкәын дҭамхазшәа ҳбоит, ҳахьышәхамшҭуа, ҳахьышәгәалашәо иҭабуп идуӡӡан ҳәа шәаҳҳәоит. Исгәалашәоит Аԥсны дызлеибашьуаз ала аршаҳаҭга шәҟәы иџьыба иааҭыхны ианысирба. Сан, ббоума, сара ссолдаҭуп, ҳәагьы нациҵеит. Сан, ибдыруандаз, Аԥсны иҟоу аҭагылазаашьа. Былақәа ианырба, агәра бсыргоит бгәы ишазымычҳауа, бгәы шаанҿасуа. Бара бшыԥхәысугьы, ишыбзымгәыӷьуагьы, ишьраҵәҟьа былымшаргьы, бнапы шьҭыхны бышреисуа аӷацәа. Ауаҩы игәы маҷзар, изымычҳауа иҟоуп Аԥсны аҭагылазаашьа. Ибдыруандаз, ҳара уахь ҳнеира шаҟа ргәы шьҭнахыз аԥсуаа. Шаҟа ҳаизааигәанатәызеи ацәгьара, ҳшеишьцәаз ҳдыруан, аха еиҳагьы агәра ҳгеит ҳара-ҳара ҳаидымгылар ада ԥсыхәа шыҟам. Сан, саргьы изласылшо ала сеибашьуеит, бымшәан шәсырԥхашьарым. Аӡә ишьҭахь сышгылам бдыруазааит, ҳәа сеиҳәеит Кьеша. 

Сара сыҷкәын аӡәгьы мчыла аибашьрахь димгаӡеит, иара ихала иӡбаны иҟаиҵаз ауп. Арантәи уахь еиццақәаз, изеибамдыруазгьы ыҟан. Аха, урҭ зегьы мчык еиднакылеит. Дарбан ану, зԥа аибашьра дышцаз дырны, аҩны ҭынч инхо. Аха ҳцәа иҭаҳагӡеит зегьы, ихәлар ишомызт, ишар ихәломызт ҳара ҳзы. Зны-зынла ԥхыӡушәа исзааиуеит иаҳхаҳгақәаз зегьы. Аԥсны хир ақәлааит. Уаҳа аибашьра ҟамлааит.  Анацәа рыхшара рзы игәжәажәо инымхааит. Рҵеира еизҳалааит. Аԥснынтә ҳгәы иахәо ажәабжьқәа ҳаҳалааит. Ижәдыруаз, ҳаԥсаанӡа ҳгәы шәҭоуп. Шәара шәзы еснагь ҳашәқәа аартуп". 

Мураҭ Кәджев 16 шықәса ракәын ихыҵуаз, иҭаацәа дырцәыбналаны Аԥсныҟа еибашьра данаауаз. Заҟа илцәыхьанҭоузеи иан Фатима Кәджева лыҷкәын изкны ажәа аҳәара, аха агәырҩа лҽамҭакәа, лхьаа даиааины дҳацәажәон:

Ирина Гоцеридзе (нижний ряд, вторая справа). - Sputnik Аҧсны
Ирина Гоцериӡе. Аҟазшьа ҟәымшәышә змаз афырԥҳәызба

"Аԥсны аибашьра иалагеит ҳәа аниаҳа, сыҷкәын ихымҩаԥгара аҽаԥсахит, даҽа ҟазшьак ааихәазшәа збо салагеит. Издыруадаз, ицәа иалашәахьазтгьы иԥеиԥшхараны иҟаз, аха ажәа мыцхәы иҳәомызт. Исгәалашәо раԥхьаӡа исаиҳәаз абарҭ ажәақәа роуп: Сан, абыржәы ҳара аԥсуаа ацхыраара раҳамҭар, ҳрывамгылар, ақырҭцәа иқәырхуеит, индырҵәоит. Ҳара уи еиԥш аҭагылазаашьа ҳақәшәар, даргьы шҳавагылоз агәра згоит. Сара иџьасшьон, Мураҭ ишықәс иаҵанамкуаз ала дахьхәыцуаз. Аиаша шәасҳәоит, абас еиԥш агәаӷьра аарԥшны, Аԥсныҟа амҩа дықәлоит ҳәа сыҟамызт.

Ашықәсқәа цацыԥхьаӡа еиҳагьы исцәыуадаҩхоит иҟамзаара, дыгәхьаазгоит сгәазхара исзымбацыз сыҷкәын. Аха, сгәы еиқәысҳәалоит, схала схы санабжьогьы ыҟоуп. Досу рыхшара, сара стәы дшысҭахыз еиԥш ирҭахымзи. Зегьы лахьынҵак-лахьынҵак рымоуп, ус еиԥш дақәшәараны дыҟан нас… Сара Аԥснынтә аӡә дызбар, сыҷкәын иԥсы ҭаланы дысзаазшәа исыдыскылоит. Иԥсы уахь ишәыцуп, иԥсы шҭынчу агәра згоит. Иара иҭахны, ихатә гәаԥхаралоуп дышцаз, иҳамҳәаӡакәа.

Иҟаиҵаз ҳазыразуп, егьа иаҳцәыхьанҭазаргьы ҳгәырҩа ҳаиааироуп, иззықәԥоз Аԥсны Аиааира амгеи? Сара сеиԥш, зыхшара аибашьра хлымӡаах иалаӡыз шаҟаҩы анацәа гәжәажәо инхазеи? Аха, иҳачҳароуп. Сара сахьыҟазаалакгьы, сыҷкәын сгәы иладууп, ҿыӷәӷәала ҳцәажәо ҳҟаиҵеит, аус ԥшьа ихы ақәиҵеит- Аԥсны ахақәиҭра! Ҳарҭ, еснагь Аԥсны имҩаԥысуа ахҭысқәа ҳрызҿлымҳауп, иаҳҭахәуп шьала иҿыху уи адгьыл еснагь аҭынчра амазарц, изызҳауа ахәыҷқәа ахааназы аибашьра рымбарц, уи иазку ахҭысқәа аҭоурых ала ирдыруазарц.

Ҳарҭ шьак-дак иалҵыз ҳауп, ҳхьа акызароуп, ҳгәырӷьарагь убас. Ҳаибабара, ҳгәыбылра еснагь еизҳалароуп. Анацәа, зыхшара аибашьраҿы иҭахаз рахь схы нарханы исҳәоит: "Шәыҽшәырӷәӷәа, ҳаҷкәынцәа хьӡыла иҭахеит, рыԥсы ҭазшәа ҳазхәыцлап, еиқәдырхаз аԥсадгьыл аҿы наӡаӡа аиаша шьақәгылааит. Аԥсуа идгьыл иара даԥшәымазааит еснагь. Ан лҳақ ӷәӷәоуп! Иҭабуп ҳахьышәхамышҭуа!"

Иҭахаз аибашьҩы Гриша Санакоев иан Аза Санакоева лгәалашәарақәа ҳацеиҩылшеит:

"Аԥсуааи ауаԥс жәлари еснагь еишьцәаҵас ҳаибабоит. Ҳара ҳгәы шәыладууп. Аԥхьаҟа еиҳагьы ҳаилаҵәаны, ҳаизааигәаны ҳҟалароуп. Сара хаҭала Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба ашәҟәы изызҩхьан, хьӡысгьы иасҭеит "Сара сауаԥсуп" ҳәа. Ҳара агәыӷра ҳамоуп ҳагәҭакқәа наӡап ҳәа. Ҳзеиԥш аӷацәа рықәнага иақәыршәоуп.

Ҳаҷкәынцәа уи иазықәԥеит, рыԥсы ақәырҵеит рыжәлар рыхьчара. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра анцоз аамҭазы иҭахаз аԥсуеи, ауаԥси еибашьцәа ранацәа, рыҳәса, раҳәшьцәа зегьы срыдышшылоит, егьа аамҭа царгьы ргәырҩа еихсыӷьра ақәлом. Аха, ргәы дырӷәӷәароуп, уаҳа ԥсыхәа ыҟам. Саргьы зыҷкәын аибашьра адәаҟынтә изыхнымҳәыз иан соуп.  Урҭ хацәан, хаҵаҵас рхы аадырԥшит.

Иахьа ҳаҩжәларык ҳбираҟқәа ҳрызгәыдуны иаҳкуп. Ҳҿар уи иахӡыӡааны, ишьҭыхны ԥхьаҟа иргароуп. Иҭабуп, Аԥснаа ҳаҷкәынцәа ахьышәхамшҭуа, урҭ ранацәагьы ҳгәаԥхаражәа аҳәара ахьшәылшо. Уи ҳара ҳачқәынцәа рыԥсы ҭазшәа ҳҟанаҵоит. Уаҳа еибашьра Анцәа иаҳзааимгааит. Адунеи аҿы еснагь аҭынчра ыҟазааит". 

Дмитри Еналдиев иаб Вахтанг Еналдиев игәалашәарақәа:

"Сара сԥа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аҟынтә иԥсы еиқәханы дзыхнымҳәгәышьеит. Дҭахеит Аладатәи Ешыра ицоз ажәылараҿы. Иашьцәа аԥсуаа дрывагыланы деибашьуан. Аиаша шәасҳәоит, сгәы иладууп. Иреиҳау аҵараиурҭа даналга, Аԥсныҟа усура ддәықәҵан. Гәдоуҭа араион, Калдахәара ақыҭан аус иуан.

Аспорт даара бзиа ибон, зых иақәиҭу аиқәԥара далахәын. Калдахәаратәи ашкол аҟны абри аспорт ахкала асекциа еиҿикааит. Даара қәҿиарала рхы аадырԥшуан иазыҟаиҵоз. Аахыҵ Уаԥстәылагьы иманы даахьан. Аԥсны аибашьра ианалага, сыҷкәын уа дыҟан. Аԥсуаа ус иарҳәалон: "Дима, ухы хьча, зынӡа ԥсыхәа ыҟамкәа иҟалар абџьар аанукылап", ҳәа.  Аха, ус иуазма? Уа иара агәыԥ еиҿикааит, иҩызцәеи иареи абџьар рыԥшааит, анаҩс еибашьра ицеит.

Сара даҽазныкгьы исҳәоит сыҷкәын сышизгәыдуу. Иара еснагь иҳәон: "Аԥсны аҩбатәи сара сыԥсадгьыл ауп!", ҳәа. Аԥсны бзиа ибон. Ипаспорт аҿы қырҭшәала аҩыра ахьаныз абӷьыц агәылижәахьан. Ақырҭшәа иаҳар зынӡа иҟалаӡомызт. Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иусԥҟала, данҭаха ашьҭахь ианашьоуп "Аԥсны Афырхаҵа" ҳәа ахьӡ.

Иар убас, ианашьоуп "Кавказ афырхаҵа" ҳәа ахьӡ. Иҭабуп аԥсуаа, сыҷкәын уахь даннеи нахыс гәыблыла дахьшәыдышәкылаз. Адгьыл ҭыԥ ылхны ҳамҭас ианашәшьеит. Иҭахын уа аҩны иргыларц, дынхарц-дынҵырц, аха игәыхәтәы дахьымӡеит… Имшра шәзынхааит!"

Алеқсандр Михаиленко иан Хадизат Михаиленко лгәалашәарақәа:

"Аԥсны адгьыл аҿы иҭахаз ҳаҷкәынцәа ргәалашәара ахьшәыцу гәахәала иҳадаҳкылоит. Сара схәычы аахыс атәым милаҭ срыланхон, ақырҭқәеи аерманқәеи рааигәа исызҳаит. Ахаан сгәы иаанагомызт ақырҭуа абџьар аанкыланы даҳҿагылоит ҳәа, аԥсыуак ма ауаԥск еихсны дыршьуеит ҳәа. Ишәасҳәарц сҭахуп, ақырҭуа иҟаиҵо аиарҭа егьа итатазаргьы, ацәаразы иманшәалам. Ақырҭуа ахааназы игәра гатәым, еснагь ахаҳә ишьҭахь иҵәахны икуп.

Сшәыҳәоит, сыҷкәынцәа, ахааназы урҭ рыгәра шәымгарц, ргәы абзиа ҭакны шәара шәахь урҭ ахааназы инеиӡом, ишәдыр.  Зыԥсы ҭаны аибашьра иалҵыз зегьы шәҿаԥхьа схырхәоит. Сара Алеқсандр Михаиленко иан соуп. Иара дҳақьымын. Аԥсны аибашьра ианалага аԥхьатәи амш инаркны уахь дызланеира дашьҭан. "Сыҷкәын, угәы иҭаукзеи?", ҳәа саниазҵаалак, ус аҭак саҭеикуан "Сан, сара сымцар, егьи дымцар, иҟалараны иҟоу базхәыци. Ақырҭқәа ишырҭаху рхы мҩаԥыргап, ишакәым ала аԥсуаа ирызныҟәап. Ус ҟалашьа амам".

Ииашаҵәҟьаны, Саша аибашьцәа раԥхьа дгыланы аӷацәа ааникыларашәа сгәы иабон, иара игәы ӷәӷәан, дпатриотын. Шәхы шәыхьча аҷкәынцәа, сшәыҳәоит акы еиԥшымкәа. Аԥсны аибашьра ҟамлар акәын, аха уи аҩыза шәԥеиԥшзаарын аԥсуа жәлар. Аиаша еснагь аиааира агоит. Иахьа, ҳгәы шәыладууп, шәара шәынхоит аҭынч жәҩан аҵаҟа. Абааԥсы, ишәымоу ахақәиҭреи, ахьыԥшымреи шәыхьча! Ҳарҭ ауаԥс жәлар, шәареи ҳареи аӡә ҳауп, ҳкеибамыжьып, ҳнапқәа еикәҳаршап.   Хаиҩызара бзанҵызааит, изызҳауа абиԥарақәа иҭахаз аибашьцәа ргәалашәара рыцзааит, ирдыруазааит урҭ аҭынч ԥстазаара рхы шахҭнырҵаз аҭоурых". 

Ажәабжьқәа зегьы
0