Ешба: аӡхыҵра ҟамларцаз, аӡышьҭрақәа рыцқьалатәуп

© Sputnik, Бадрак АвидзбаАԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба
Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба имҩаԥигеит 2016 шықәса нанҳәа 3-4 рзы иҟалаз аӡхыҵра ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа аилатәара.

АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба имҩаԥигеит 2016 шықәса нанҳәа 3-4 рзы иҟалаз аӡхыҵра ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы акомиссиа аилатәара. Асеиԥш уаҳа иҟамларц азы аӡышьҭрақәа рыцқьалатәуп, иҳәеит Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ешба.

"Ҳара иахьа ҳалацәажәоит иҟалаз ахҭыс. Усеиԥш ахҭысқәа уаҳа иҟамларцаз урҭ разыԥхьагәаҭара ҳҽазаҳшәароуп. Аӡиасқәа аԥхасҭа ӷәӷәа ҟарҵоит. Урҭ рӡышьҭрақәа рыцқьаны рцашьа рымԥсахуа иҟаҵатәуп", — иҳәеит иара.

Аҟәа ақалақьи Очамчыреи Гәдоуҭеи араионқәеи рхадацәа еиҭарҳәеит аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шцо

"Актәи амш инаркны аилахәырақәа "Абхазберегозащита", "Абхазавтодор" аусура ду мҩаԥыргоит. Урҭ иахьагьы ирҿуп. Џьгьардеи Кәтоли рҟны аӡиас аҟәарарӷәӷәара ушьҭа иаарласны ихыркәшахоит", — иҳәеит Очамчыра арион ахада Хьрыԥс Џьопуа.

Гудоуҭа араион ахада Руслан Ладариа далацәажәеит Гәдоуҭа иалсуа аӡиасқәа ԥшьба рхатәы мчқәа рыла ррыцқьара ишаҿу, аха рымч шеизымхо.

Нанҳәа 3 — 4 рзы Аҟәа амшцәгьа иахҟьаны аӡиас маҷқәа жәпакы рыҭрақәа ирҭыҵны ақалақь иалалеит. Еиԥҟьеит ақалақь фымцалеи ӡылеи аиқәыршәара.

Асеиԥш аԥсабаратә рыцҳара ҟалахьеит изныкымкәа. Уи иахҟьаны ирацәаҩуп аԥхасҭа зауз ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0