Урыстәыла Ахраҿа ианашьахеит Дмитри Ӷәазаа

© Sputnik, Бадрак АвидзбаУрыстәыла Ахраҿа ианашьахеит Дмитри Ӷәазаа
Урыстәыла Ахраҿа ианашьахеит Дмитри Ӷәазаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акатегориақәа PRO-и Semi-PRO-и рҟны Урыстәыла Ахраҿа аиуразы еиндаҭлон 15-ҩык машьынала аиԥхныҩлаҩцәа.

АҞӘА, жьҭаара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Акатегориақәа PRO-и Semi-PRO-и рҟны Урыстәыла Ахраҿа аиуразы еиндаҭлон 15-ҩык машьынала аиԥхныҩлаҩцәа. Урыстәыла Ахраҿа Mitjet 2L Шәачатәи автодром аҟны имҩаԥысыз аиндаҭлараҿы ианашьахеит ҳџьынџьуаҩ Дмитри Ӷәазаа. Абри атәы ааицҳаит Sputnik акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Аҩбатәи аиԥхныҩлараан иалкаахон аспортсменцәа аихшьаалатә ҭыԥс иааныркылози автоеиԥхыҩларақәа Mitjet 2L рҟны Урыстәыла Ахраҿа занашьахоз. Дмитри Ӷәазаа чемпионс аҟаларазы игар акәын актәи аҭыԥқәа руак.

Актәи аикәшара аихшьаалатә ҭыԥқәа инарықәыршәаны Дмитри Ӷәазаа ахәбатәи аҭыԥ иман. Аԥҟаррақәа инарықәыршәаны урыстәылатәи ачемпионат мҩаԥысуан хә-етапкны. Аԥшьбатәи аетап аан Дмитри Ӷәазаа иааникылон аҩбатәи аҭыԥ апрофессионалцәа рыбжьара, актәи аҭыԥ — апрофессионалбжьаратәқәа рыбжьара.

Дмитри иқәҿиеит аҵҟьара, иаразнакы иалиршеит аҩбатәи апозициа аанкылара.

Актәи аҭыԥ аанкылара илиршеит Николаи Гриазин.

Аха Ачемпионат иааидкыланы аихшьаалақәа рыла Дмитри Ӷәазаа Урыстәыла дачемпионхеит.

"Сара ишазыԥхьагәасҭоз еиԥш ҳусқәа ҟалеит. Алексеи Карачевы сареи ҳаиндаҭлон. Сара 2010 шықәса раахыс картинг снапы алакуп", —иҳәеит Дмитри Ӷәазаа.

"Димеи сареи картинг ҳалагеит хәышықәса раԥхьа. Дима арҭ ашықәсқәа рзы алҵшәа бзиақәа ааирԥшуан. Сара сеигәырӷьоит иигаз аиааира", — иҳәеит Дмитри иазыҟаҵаҩ иара убасгьы аиндаҭлара алахәыла Алексеи Карачев.

Класс Mitjet 2L Франциа ицәыргахеит 2012 шықәса рзы. Иахьа Mitjet 2L акыр ирылаҵәоуп Франциа, Италиа, Германиа, Урыстәыла, США. Аиндаҭларақәа ирылахәхоит 40 машьына рҟынӡа.

© Sputnik, Бадрак Авидзба Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит - Sputnik Аҧсны
1/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
© Sputnik, Бадрак АвидзбаДмитри Ӷәазаа аиааира игеит
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит - Sputnik Аҧсны
2/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
© Sputnik, Бадрак АвидзбаДмитри Ӷәазаа аиааира игеит
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит - Sputnik Аҧсны
3/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
© Sputnik, Бадрак Авидзба Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит - Sputnik Аҧсны
4/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
© Sputnik, Бадрак АвидзбаДмитри Ӷәазаа аиааира игеит
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит - Sputnik Аҧсны
5/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
© Sputnik Бадрак АвидзбаДмитри Ӷәазаа аиааира игеит
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит - Sputnik Аҧсны
6/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
1/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
2/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
3/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
4/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
5/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит
6/6
Дмитри Ӷәазаа аиааира игеит

Асериа Mitjet дашьаҭаркҩуп Франциатәи аспортсмен Жан-Филипп Даиро. Урыстәыла асерии Mitjet апромоутерс иҟоуп аилахәыра Arctic Energy. MITJET 2L акласс иатәу автомашьынақәа рымчхара 260 ҽы-мчы ыҟоуп, рыкапан 750 килограмм ыҟоуп, абылтәыҭра ахышәа-ҵышәа 37 литра.

Ажәабжьқәа зегьы
0