Ахәыҷқәа аҭәаиаҵәа палочка рымамызт

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото
Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 10 рзы Ареспубликатә хшараиурҭаҿ еициит 1600-и 1800-и грамм иҟаз аӡыҟцәа ҩыџьа. Аамҭақәак рышьҭахь рҩыџьагьы аҭәаиаҵәатә палочка рымоуп ҳәа иазшьаны Шәачаҟа ииаган.

АҞӘА, абҵара 8 – Sputnik, Бадри Есиава. Жьҭаара 10 рзы Ареспубликатә хшараиурҭаҿ еициит 1600-и 1800-и грамм иҟаз аӡыҟцәа ҩыџьа. Аамҭақәак рышьҭахь рҩыџьагьы аҭәаиаҵәатә палочка рымоуп ҳәа иазшьаны Шәачаҟа ииаган. Шәачатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа № 9 аҳақьымцәа жәамш рыҩныҵҟа изхысыз анализқәа рышьҭахь ишьақәыдмырӷәӷәеит ахәыҷқәа аинфекциа рымоуп ҳәа. Абри атәы Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит ахәыҷқәа ран Татиана Ҳагԥҳа.

"Иахьа аҳақьымцәа гәырӷьаҵәа иҳадырныҳәалон. Жәамш рыҩныҵҟа з рымоуп ҳәа. Даара сгәырӷьоит", — лҳәеит Татиана Ҳагԥҳа.

Ахәыҷқәа ран иара убасгьы илҳәеит ахәыҷқәа рыкапан ишацлаз. Уажәы урҭ ҩба-ҩба кьыла иҟоуп, аҽа хышә-хышә грамм иреиҵамкәа ирыцлароуп ахәышәтәырҭа иҭыргарц азы. Убри ашьҭахь ангьы ахәыҷқәагьы рыҩныҟа иаауеит.

Татиана Ҳагԥҳа лажәақәа рыла ажьҭаара ҩеижәихәба рзы Аҟәатәи ахәышәтәырҭаҟны ирарҳәеит ахәыҷқәа аинфекциа рымазар ҟалоит ҳәа.

Ахәыҷқәа ршьаҟны алеикоцитқәа рырацәара мзызны иазыҟалеит урҭ Шәачаҟа риагара.

Татиана Ҳагԥҳаи лхәыҷқәеи абҵара акынӡа зыхә ршәо апалатаҿы иҟан, избанзар ихымԥадатәиу адокументқәа рыцмызт. Ахәыҷқәа раб Даур Ҳагба

Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иахәҭаны иҟаз адокументқәа реидкылараҿы ацхыраара шрырҭаз. Ахәыҷқәа хымш рыҩныҵҟа ирзыҟарҵеит УЗИ, акардиограмма, ашьа абиохимиа. Абарҭқәа рышьҭахь иарбанызаалак потологиак рыдрымбалеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0