Феҳми Ашәба: атәым дгьыл иқәынхо аԥсуа илахьынҵа ус ажәала аиҭаҳәара уадаҩуп

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬырқәтәыла, Џьгьарда ақыҭа инхо Феҳми Ашәба.
Ҭырқәтәыла, Џьгьарда ақыҭа инхо Феҳми Ашәба. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәыла Џьгьарда ақыҭан инхо хџьынџьуаҩ, 90 шықәса ирҭысхьоу Феҳми Ашәба атәым дгьыл ахь ишықәнагалази, уатәи рыԥсҭазаашьеи, аԥсуара еиқәырханы ишрымоуи атәи еиҭеиҳәоит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аԥсуа жәлар аамҭа цәгьақәа рацәаны ирхаануп. Дарбанызаалак ауаҩы, ихатәы лахьынҵа шизшоу еиԥш, аҭоурыхтә ԥсадгьылгьы иамоуп иара ахатәы разҟы, изнысхьоу амҩа, иацтәи иахьатәи амш, уаҵәтәи агәыӷра. Аҭоурыхтә мзызқәа ирхырҟьаны амҳаџьырра иагаз ҳауаажәлар, Аԥсны изқәыҵыз адгьылқәеи, изныҵыз ақыҭақәеи иреиԥшыз аҭыԥқәа ԥшааны, атәым дгьыл аҿы иахьнанагаз анхара рҽазыршәеит.

Еиқәдырхеит рқыҭақәа рыхьӡқәа, ахаҿра. Уижьҭеи ашықәсқәа цеит иниакәкәа. Аха, иахьагьы уаҟа иҩеиуеит урҭ рылҩаҵәқәа, аԥсы ҭоуп раԥсуара, иргәаладыршәоит рабдуцәа ирхыргаз аҭоурых. 

Берзеқь Кәыџԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Берзеқь Кәыџԥҳа: ҳабдуцәа ахьықәҵыз адгьыл сызнеир, избар - џьанаҭ сымцоз

Феҳми Ашәба иоуп Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз. Иан, Ааишьа Шьакаииаԥҳа ҩышықәса лхыҵуан Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа данаанага, аҭаацәара даналалоз 16 шықәса ракәын илхыҵуаз.

"Ҳара хабдуцәа Аԥснынтә ихҵәаны ианаауаз, изаазеи? Ихҵәаны иаама, иалырцама, мамзаргьы изыцәшәашаз ҳәа акыр ҟалама? Арҭ азҵаарақәа рҭак сара сзы макьанагьы еилкаам. Сықәрагьы маҷым уажәшьҭа, шәышықәса снарзааигәахоит. Сабду иашьа Гәызи ииҳәоны исаҳахьаз уажәы жәабыжьк  шәзеиҭасҳәап.

Ажәытә Ҭырқәтәыла аԥадишьаҳқәа ыҟан. Ажәла бзиақәа змақәаз хгыларас иҟарҵон. Убарҭ Аԥсны ицаны, ирҭахыз рылганы Ҭырқәтәылаҟа иааргон, иҟоуп зхала иаақәазгьы. Ихҵәаны иаақәаз аума аџьабаа рбеит, амла иакит, ахьҭа иакит, ачымазара рыхьит. Аӷбаҟны иԥсуаз амшын иаларыжьуан, аԥсыӡқәа ирфон. Амаалықьцәа ранацәа ирымкәыкәаан аӷба амаҵзуцәа амшын иаларыжьуан. Уи зыхгара уадаҩыз, угәы ҭызшьаауаз хҭысын. Анацәа рхәыҷқәа амла аԥсра ианалагалак, ргәы рыжьжьарц азы ахәы ҟарҵоушәа ахаҳә акы инҭаҵаны, амшын аӡы аҵаҭәаны еиқәдыршәон. Убас цәгьаԥсышьа рыманы иӡхыҵит Амшын Еиқәа. Афатә азы мацара зхәыҷы дызҭиизҵәҟьа дыҟоуп… 

Ҭырқәтәыла Аҳәынҭқарра ахадара азызуаз Қьемал Аҭаҭиурк ибзианы идыруан аԥсуаа шеибашьцәа ӷәӷәақәаз, инапы рыдикылеит, иааигәа иааигеит. Насгьы зегьы еизганы џьарак гәыԥны имыртәеит. Игәыԥны иртәар, рхы шьҭыхны, еидгыланы, аҳәынҭқар ижәлар ҳәа ишәан, хазы-хазы қыҭа-қыҭала иртәеит. Анхарҭа ҭыԥқәа дара рхала иалырхит. Аԥсуа хьӡқәа рырҭеит. Раԥсуара рыбла ҷыц еиԥш иахӡыӡаауа, еиқәырхауа иааргеит".

Ҭырқәтәыла иҟоу Џьгьарда ақыҭа, Аԥснытәи ақыҭа зынӡа еиԥшуп. Иааизакны ари ақыҭаҟны инхоит 300 ҭӡы инарзынаԥшуа аԥсуаа: Шлараа, Гындиаа, Ашәаа, Иуанаа, Арҩыҭаа, Ахаа, Ернаа, Матуаа, Цыбаа, Палаа, Ҳараниаа, Допуаа, Агәмаа, Аӡынаа, Қәҭалиаа уҳәа имаҷым иуԥыло аԥсуа жәлақәа. Урҭ зегьы аԥсыуак ишиаҭәо еиԥш рхы ныҟәыргоит, изларылшо ала инхоит-инҵуеит, адгьыл иқәаарыхуеит.

Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Аллиаҭин Агрба - Sputnik Аҧсны
Аллиаҭин Агрба: ажәытә аԥсуаа аԥсуара шныҟәыргоз ус ҿык-бзык ала иузеиҭаҳәарым

Адаԥазар ақалақь иаҵанакуа Џьгьарда ақыҭан игылоу ҩчамҳаҵлак, иахьа аҭоурых иаҿахәҳәагоуп. Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаны аԥсуаа уахь ианнанага, зынӡа иҿарақәан, кьаҿк нахаурԥар, иааннакылартә еиԥш иҟан. Уажәы урҭ 200 шықәса инарзынаԥшуа ирхыҵуеит.

"Ачамҳақәа ҳбацыԥхьаӡа, Аԥснынтә иааз ҳабацәа, ҳабдуцәа ҳгәаланаршәагәышьоит. Убри ҳгәалашәацыԥхьаӡа даара ахәыцырҭақәа ҳҭаргалоит, ирбаз аџьамыӷәа цәгьа ҳахшыҩ аҟны иааиуеит. Аԥсны ԥшӡа аԥсабара ҳагәылакны ҳамазшәа ҳала иабоит. Аҭоурых иашаны иҳаздыруам, уи даара хьаас иҳамагәышьоуп".  

Феҳми Ашәба изныкымкәа Аԥсны днеихьеит, аха игәазхара изымбаӡац иԥсадгьыл.  Ҩыџьа иԥацәа Аԥсны еибашьуан, ирылшоз ала рыԥсадгьыл аҿаԥхьа руалԥшьа нарыгӡеит. Мышкгьы ыҟам Аԥсны аӡбахә ианаламцәажәо.

"Аԥснытәи аԥсуа шьҭыбжьы гәхьаазгоит, сзықәшәаз сыуаажәлар ҩаԥхьа снарҿаԥшыр сҭахуп, издыруада, ҳазшаз сразҟы иалеиҵазар, сыԥсаанӡа даҽазнык сыԥсадгьыл ала аҭаԥшра?! Аԥснынтә аӡә данызбо, сеиҳабацәа зегьы рыԥсы ҭаланы саԥхьа иаагылазшәа сааҟалоит. Атәым дгьыл иқәынхо аԥсуа илахьынҵа ус ажәала аиҭаҳәара уадҩуп.

Ҳауаажәлар ахааназы цәгьара Анцәа ирзааимгааит. Иахьа, аԥсуаа адунеи ҳаԥсаҟьаны ҳалаԥсоуп.  Ҳара ҳахьыҟазаалакгьы, Аԥсны акәша ҳхы еидаҳкылароуп"!

Ажәабжьқәа зегьы
0