Аԥснытәи аҿари урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәеи еиҿцәажәарц рылшоит

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥснытәи аҿари урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәеи еиҿцәажәарц рылшоит
Аԥснытәи аҿари урыстәылатәи аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәеи еиҿцәажәарц рылшоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәатәи Москва аҩны аҟны имҩаԥысуеит абҵара 10 рзы урыстәылатәи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа рымш. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество.

АҞӘА, абҵара 10 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи ашколқәеи иреиҳау аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа урыстәылатәи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа рымш аҳәаақәа ирҭагӡаны ишиашоу азҵаарақәа рырҭар рылшоит Аладатәи Урыстәыла аҵараиурҭа дуқәа рырҵаҩцәеи рнапхгаҩцәеи. Абри атәы ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Евгени Павлов.

"Ҳара арахь иааҳаԥхьоит аԥснытәи ашколқәеи ААУ роушьҭымҭацәа. Урҭ ироуеит алшара, урыстәылатәи аҵараиурҭақәа роушьҭымҭацәа рымш аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аладатәи Урыстәыла аҵараиурҭа дуқәа рырҵаҩцәеи рнапхгаҩцәеи ишиашоу азҵаарақәа рырҭарц", — иҳәоит Павлов.

Аԥсны иҟоу Россотрудничество ахаҭарнакра аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Евгени Павлов иажәақәа рыла аушьҭымҭацәа еилыркаар рылшоит арҭ аҵараиурҭақәа ирҭалар шрылшои, уаҟа аҵараҵаразы иаҭахуи анхарҭаҭыԥқәа рыҟазаареи ртәы.

Арҭ аҵараиурҭақәа рнапхгаҩцәа арахь иааԥхьоуп аҵараиурҭақәа еиҳа географиала Аԥсны иазааигәаны иахьыҟоу азыԥхьагәаҭаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0