Гагратәи ансамбль "Гагрыԥшь" апроект "Агәалашәаратә мҩа" иалахәын

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ансамбль "Гагрыԥшь" апроект "Агәалашәаратә мҩа" иалахәын
Гагратәи ансамбль Гагрыԥшь апроект Агәалашәаратә мҩа иалахәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль "Гагрыԥшь" Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика, аҳҭнықалақь Нальчик аҿы рхатәы концерт мҩаԥыргеит.

ГАГРА, абҵарамза 10 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Гагратәи аҟазаратә школ ааӡамҭацәа, ахәыҷтәы-хореографиатә ансамбль "Гагрыԥшь" аиҵбыратәии аҳабыратәии агәыԥқәа апроект "Агәалашәаратә мҩа" аҳәаақәа ирҭагӡаны Ҟабарда-Балкариатәи ареспублика, аҳҭнықалақь Нальчик аҿы рхатәы концерт мҩаԥыргеит. Иара убас рхы аладырхәит уаҟа имҩаԥысуаз есышықәсатәи жәларбжьаратәи афестиваль "Аиҩызара Еҵәаџьаа" захьӡыз.

Гагратәи аҟазаратә школ аиҳабы Белла Кокосқьериаԥҳа, ансамбль "Гагрыԥшь" асахьаркыратә напхгаҩы Ҭенгиз Какәубааи, ансамбль администратор, ҷыдала апроект "Агәалашәаратә мҩа" автор Раиса Арсҭааи ирыдылныҳәалеит рыгәҭакы ахьынарыгӡаз, иара убас афестиваль аноминациақәа рҟны изыԥсахаз аԥхьахәқәеи.

"Гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит апроект анагӡара ахьшәылшаз, насгьы афестиваль аҟны шәзыԥсахаз аԥхьахәқәеи. Шәара Гагратәи аҟазаратә школ мацара акәым, Аԥсны зегьы ахьӡ ҭыжәгеит. Агәра згоит, ԥхьаҟа еиҳагьы шәылҵшәақәа рыла ҳашшәыргәырӷьало. Иҭабуп шәааԥсаразы", — ҳәа адныҳәаларақәа ҟалҵеит аҟазаратә школ аиҳабы Белла Кокосқьериаԥҳа.

Апроект "Агәалашәаратә мҩа" автор Раиса Арсҭааԥҳа лажәақәа рыла, лыԥшәма Ҭенгиз Какәубааи лареи гәҭакыс ирыман аконцертқәа рымҩаԥгареи арылахәреи, аҵакы аҭара.

"Апроект ахьӡ "Агәалашәаратә мҩа" зныҭрыс иит. Уи сгәы иҭашәеит, ҩышықәса раԥхьа Нальчик аконцерт ҳаманы ҳанықәгыла. Ҳара ҳтәыла ашәарҭара ианҭагыла, шәҩыла Нхыҵ-Кавказ ахаҭарнакцәа рхы-рыԥсы иамеигӡакәа ҳаԥсадгьыл аиқәырхараҿы ирылшаз рацәахеит. Апроект "Агәалашәаратә мҩа" хықәкыс иамоуп аконцертқәа ирылагӡаны Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз рҭаацәеи ҳареи ҳаиԥылара. Ҳаԥсадгьыл зхы ақәызҵаз, ҳажәлар ишырхамшҭуа араҳәара, агәра дыргара", — лҳәеит ансамбль "Гагрыԥшь" администратор, апроект автор Раиса Арсҭааԥҳа.

Аԥснытәи аделегациа Ҟабарда-Балкариа рыҟазаара иалагӡаны, ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит, Нальчик ақалақь, "Аԥсны" ҳәа ахьӡ змоу ашҭаҟны ишьақәыргылоу, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз Ҟабарда-Балкариатәи аҵеицәа рбаҟа амҵан. Имҩаԥган, иҭахаз аҵеицәа рҭаацәеи аԥсуа хәыҷқәеи реиԥылара.

Анаҩс, ансамбль "Гагрыԥшь" Нальчик иалахәын, есышықәсатәи жәларбжьаратәи афестиваль "Аиҩызара Еҵәаџьаа". Араҟа иҿыцу аелементқәа злоу жәлар рыкәашара аноминациаҟны ансамбль аиҳабыратәи агәыԥ инарыгӡаз акәашара "Аҟармыгә" азы иранашьан актәи аҭыԥ.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи ансамбль "Гагрыԥшь" апроект "Агәалашәаратә мҩа" иалахәын
Гагратәи ансамбль Гагрыԥшь апроект Агәалашәаратә мҩа иалахәын - Sputnik Аҧсны
Гагратәи ансамбль "Гагрыԥшь" апроект "Агәалашәаратә мҩа" иалахәын

Аиҵбыратәи агәыԥ акәзаргьы, жәлар рымаҭәа аноминациаҟны иааннакылеит актәи аҭыԥ. Дара иӡырыргаз амаҭәа авторс даман, ансамбль администратор Раиса Арсҭааԥҳа.

Иара убас, Гагратәи ахәыҷтәы-хореографиатә ансамбль "Гагрыԥшь" асахьаркыратә напхгаҩы Ҭенгиз Какәубаа афестиваль аиҿкааҩцәа рыхьӡала ианашьан "апрофесионалтә маҵураҿы иреиҳаӡоу аихьӡарақәа рзы" захьӡу ахьтәы медал.

"Сара агәра ганы сыҟоуп, "Агәалашәаратә мҩа" апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны изныкымкәа ҳаешьаратә республикақәеи ҳареи ҳшеиҭанаиааиуа. Иҭабуп ҳәа расҳәоит, апроект анагӡараҿы ацхыраареи авагылареи ҳазҭаз, Гагра араион ахадареи Гагратәи аҟазаратә школи ҷыдала ҳҩызцәеи аҭаацәеи", — иҳәеит ансамбль "Гагрыԥшь" асахьаркыратә напхгаҩы Ҭенгиз Какәубаа.

Ажәабжьқәа зегьы
0