Габниа: анархиаҟынӡа ҳнеины ҳаҟоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа иазгәеиҭеит атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҿагылара аҳәынҭқарра арӡыр шалшо.

АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Атәыла Ахадеи Аԥсны ауаажәларреи реиԥылараҟны Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа иазгәеиҭеит атәыла анапхгареи аоппозициеи реиҿагылара аҳәынҭқарра арӡыр шалшо атәы иҳәеит.

"Аԥсны атәылауаа еиҳа-еиҳа ацәшәара роа иалагеит ԥхьаҟатәи рԥеиԥш азы, ирбо иалагеит атыша ҳашхықәгыло", — иҳәеит иара. Лаҵарамза 27 2014 шықәсазтәи ахҭысқәа дрылацәажәо Витали Габниа иазгәеиҭеит усҟан урҭ аҳәынҭқарра аиқәырхара ишазырхаз.

"Усҟан алхра аҿаԥхьа ҳгылан. Еилыскаауеит урҭ ахҭысқәа досу иара итәала ишидикыло аха анапхгара ҿыц лигитимла амчрахь ишааиз атәы ҳәара зқәым ауп", — иҳәеит Габниа.

Габниа иазгәеиҭеит Аԥсны ишыҟам ӡбра змам аҭагылазаашьеи азҵаарақәеи. Зегьы ирхадоу иҟам амилаҭтә шәарҭадара ацәшәара.

"Ирацәаҩуп иахьатәи аԥсҭазаара згәамԥхо, згәы намӡо. Аха ҳаргьы ҩышықәса рыла аӡбра ҳалшом дара жәашықәса ирзымыӡбаз аӡбра, ирзыҟамҵаз аҟаҵара", — иҳәеит иара.

Габниа иазиԥхьаӡоит аоппозициа амчра рнапахьы мчыла иааргарц рыгәҭакуп ҳәа.

"Идыру акоуп аҳәынҭқарра ҵызшәаауа аусқәа зынӡа аҭыԥ рымамзар шакәу. Иахьа ҳара ҳазхымсыша ацәаҳәаҟны ҳааины ҳаҟоуп. Уаанӡа жәлар рдемократиа аинститутқәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иацхраауазар, уажәы ауаа дарбанызаалак аоппозициа иатәу рыгәрагара рыман иҟам", — иҳәеит Габниа.

Аиԥылара мҩаԥган атәыла Ахада иаԥшьгарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0