Ахәыҷырацәа змоу аҭаацәарақәа аӡынра рҽаздырхиоит

© Sputnik / Екатерина Соловьева / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивное фото коробок с вещами
Архивное фото коробок с вещами - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Зылшара маҷу аҭаацәарақәа рзы амаҭәа ԥха аизгаразы Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" имҩаԥнагеит акциа.

АҞӘА, абҵара 11 – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Зылшара маҷу ааацәарақәа рзы амаҭәа ԥха аизгаразы Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" имҩаԥнаго акциа абҵара 20 рҟынӡа ицоит лҳәеит Афонд аиҳабы Камма Гоԥиаԥҳа ҳкорреспондент данлыҿцәажәоз.

"Акциа "Агәы аԥхарра" ҳфонд есышықәса имҩаԥнагоит. Уажәтәи акциа хықәкны иамоуп ауаа маҭәаԥхала реиқәыршәара. Иара мҩаԥысуеит абҵара 10 инаркны 20 рҟынӡа. Акциа ахацыркышьа акыр ибзиан. Амаҭәа рацәаны еизаагеит", — лҳәеит Камма Гоԥиаԥҳа.

"Акциа сынтәа аҽаԥсахит. Уаанӡа ауаа ҳофис ахь иааргозар амаҭәа, уажәы ҳвалантиорцәа дара рахь инеины иргоит. Ус ҟаҳҵеит избанзар зегьы ирылшом ҳара ҳахь аара, аидала иаҵаланы аагара. 2015 шықәса рзы имҩаԥгаз акциа иалнаршеит ҩышәҩык рҟынӡа ахәыҷқәа аӡынразы маҭәала реиқәыршәара", — лҳәоит Гоԥиаԥҳа.

Афонд "Кьараз" асиаҟны иарбоуп ацхыраара зҭаху 70 ҭаацәара. Амаҭәақәа акциа хыркәшахаргьы иацҵахоит.

Афонд еиҿкаауп 2015 шықәса рзы. Иара аусура хацнаркит ассоциалтә ҳа Facebook ахархәарала. Иахьазы афонд аус ацыруеит ақыҭақәеи араионқәеи рхадацәа, ауаажәларратә активистцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0