Аԥсны аекстрималтә туризм аҿиара аиур алшоит

© Фото : Алексей Заводский Апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны"
Апроект Ишьхатәылоу Аԥсны - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" анапхгаҩы Ҭенгьиз Ҭарбеи Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи аиԥылара рыман.

АҞӘА, абҵара 15 – Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны иалшоит аекстрималтә шәҩатә спорттә хкқәа скитури фрираиди рзы адунеи атәылақ́́әа Иапониеи Алиаскеи инарываҟәало иҟаларц иҳәеит Ҭенгьиз Ҭарба аиԥылараан.

Аиԥылара мҩаԥысит апроект хәышықәса ахыҵра аламҭалаз.

"Апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" иалнаршоит жәпаҩык ауаа Аԥсны дырдырра", — иҳәеит Рауль Ҳаџьымба.

Ҭенгьиз Ҭарба атәыла Ахада изеиҭеиҳәеит абарҭ ахәышықәса рыҩныҵҟа иҟаҵоу атәы.

Уажәазы Ауадҳара иахьаҵанакуа амҩақәа азырхиоуп атуристцәа рзы, еиҿкаауп аӡынразы ашьхараҟны аԥхьарҭа.

"Краснаиа полиана" еиԥшу акурорт ара аргылара аԥсаӡам, уи адагьы аҳәынҭқарра иацәыхьанҭоуп афинансқәа рганахьалагьы. Аекологиагьы ҳәарада иаԥырхагоуп", — иҳәеит Ҭенгьиз Ҭарба.

Иара иажәақәа рыла иазыҟаҵам атуристцәеи аспорт знапы алакым ауааи рзы иҟоуп апрограмма ҷыдақәа.

"Ишьхатәылоу Аԥсны" иалнаршеит Аԥсныи Аԥсны алшарақәеи адунеи ауаажәлар дырдырра.

Ҭарба иажәақәа рыла, уажәы имҩаԥысуеит аиҿцәажәарақәа Американтәи ажурналистцәа рааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0