Аломбардқәа русуразы азин ҷыда рыҭахалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа Реилазаара
Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥысит абҵара 23 рзы.

АҞӘА, абҵара 24 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит "Аломбардқәа русура аиҿкааразы алицензиаҟаҵара аԥҟарақәа рзы" аусура.

"Афинансқәа рминистрра абра ақәҵара инақәыршәаны анапы ианҵахоит   ишалшо ала иаарласны  Аԥсны аломбардқәа алицензиа рзуразы аԥҟарра аус адуланы ашьақәырӷәӷәара. Азакәан апроект иалагалоуп аԥсахрақәа" — иҳәеит Афинансқәа рминистр Дмитри Сериков.

Сериков иажәақәа рыла аԥҟара апунктқәак рыҿҳәара инахоуп.

"Аелектронтә напынҵа аусуразы» амчра аиуеит 2017 шықәса ажьырныҳәа 1 инаркны. Аломбардқәа хымԥада аԥгаԥса рықәҵаразы апункт аусура хацыркхоит 2018 шықәса ажьыпныҳәа 1 инаркны" —  иҳәеит Сериков.

Аминистрцәа Реилазаара аилатәара амшхәаԥштә азҵаара шьақәгылан 25 зҵаара рыла.

Ажәабжьқәа зегьы
0