Аԥсны аҿар аԥсҭазаараҿы рҭыԥ иашьҭоуп

© Фото : unsplash.comАԥсны аҿар аԥсҭазаараҿы рҭыԥ иашьҭоуп
Аԥсны аҿар аԥсҭазаараҿы рҭыԥ иашьҭоуп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ахатә ҭыԥ аԥшаара, уи азы лшарақәаны иҟоу, хықәкқәас ирымоу, проблемақәаны ирԥыло уҳәа ртәы шәаԥхьар шәылшоит Асида Кәыҵниаԥҳа лматериал аҿы. Угәаҳәара ашьҭра ухыланы

Ирацәаҩны аԥсуа студентцәа агәаҳәара рымоуп рҵара аҳәаанырцә иацырҵарц. Иҟоуп уи аҩыза залыршахом ҳәа ихәыцуагьы. Иҟоуп уи агәаҳәара анаӡаразы ирылшо зегь ҟаҵаны зхықәкы иазкылсуагьы.

Агәазыҳәара ашьҭанеира

"11 акласс аҟны сантәаз еилыскаауа салагеит англыз бызшәа аҭҵаара шысҭахыз, ҷыдалагьы сазхьаԥшуа салагеит. Ашкол саналгоз ашықәсан  Аԥсныҟа иаашьҭын алимитқәа Морис Торез ихьӡ зху  москватәи аинститут аҟынтәи. Аха сара сҭаацәа исыдыргалеит Аԥснытәи ауниверситет аҿы аҵара аҵара. Уажәыгьы исгәалашәоит уи сгәы шыснархьыз. Сгәы иаанагон аҵарадырра бзиа ахьсоуша саԥдырҟәҟәааит ҳәа. Саԥхьаҟазы планны сҿаԥхьа иқәсыргылеит  европатәи мамзаргьы америкатәи  аҵараиурҭа  алгара. Сара уажәы 25 шықәса сырҭоуп  — урҭ схықәкқәа  рыҩбагьы насыгӡахьеит» ҳәа лажәабжь хацлыркит  Англиа, Манчестертәи ауниверситет аушьҭымҭа, англыз бызшәа арҵаҩы Амина Енықьԥҳа.

Лара ишеиҭалҳәо ала аамҭа анлымаз лхы рылалырхәуан еиуеиԥшым асеминарқәа, атренингқәа, аконференциақәа, жәларбжьаратәи апрограммақәа.  Иарбанызаалак алшарақәа лхы иалырхәон лхықәкы анагӡаразы.

"ААУ актәи акурс аҟны сантәаз америкатәи апрограмма  UGRAD салахәхеит (астудентцәа реимдаразы апрограмма). Апрограмма инақәыршәаны астудентцәа  шықәсык аҩныҵҟа америкатәи аҵараиурҭақәа руак аҟны  аҵара ҵара азин роуан. Абри ажәабжь анаасаҳа инаркны сара издырит усеиԥш аҽа лшамҭак уаҳа исмоур шалшоз. Анкета харҭәааны англыз бызшәазы атест насыгӡеит. Зегь маншәалахеит. Санкета рыдыркылеит, аиҿцәажәара сахысит, Америкаҟа аҵара ҳәа сцеит",  — илгәалалыршәоит Амина.

Иахьазы ирацәоуп жәларбжьаратәи апрограммақәа, астудентцәа аҳәаанырцәа аҵара рҵаратә еиԥш аҭагылазаашьа рызҭо. Аха зны-зынла рымч мхар ҳәа ишәаны уи мап ацәызкуа ыҟоуп лҳәоит арҵаҩы. Аҿар идырдыртәуп асеиԥш апрограммақәа рхы рыладырхәлар шакәу, ираҳәалатәуп иаҵахаргьы аԥышәа шроуа, уи раԥхьаҟазы ишхәарҭахо ҳәа лҳәоит Амина.

Адунеиаҿ иҟам аҩны еиӷьу аҽа ҭыԥк

"Американтәи аҩныҟа сана еилыскаауа салагеит схынҳәны уахь ацарагьы шсылшо, ара аанхарагьы шсылшо. Алхра сыман. Абраҟагьы сҭаацәа исарҳәеит Америка галливудтәи киноны ишахәаԥштәым, уаҟагьы уҭыԥ аанкыларазы аџьабаа рацәа шбатәу. Ирҳәеит уҩны уаангыланы ухазгьы утәылазгьы ихәарҭоу ак аҟаҵара шеиӷьу. Саргьы урҭ рҳәатәы сықәныҟәаны саангылеит. ААУ аҟны сҵара иацысҵеит.  Уажәы сара англыз бызшәа сарҵаҩуп. Астудентцәа аҵара дырҵара, адыррақәа рыҭара – уигьы утәыла ацхыраара ауми иаанаго", — лҳәоит Енықьԥҳа.

"Ауниверситет аҟны аҵара анысҵоз  аиҭагарақәа мҩаԥызгон, еиуеиԥшым аиҿкаарақәа рҟны ассистентс аус зуан. Исылшон исырҳауаз ала ахныҟәгара. Аԥсынгьы иалшоит уҭыԥ уԥшаар, аха уи азы аџьабаабара аҭахуп» — лҳәоит арҵаҩ қәыԥш.

Амина лгәаанагара лыцеиҩишоит Русҭам Аншбагьы. Русҭам Аншба Венгриа аҵара аниҵоз аамҭазы иман алшара еицырдыруа жәларбжьаратә еилахәырак аҟны аусура далагарц. Аха аиҿцәажәара қәҿиара дуӡӡала данахыс ашьҭахь аӡбра идикылеит Аԥсныҟа дхынҳәырц азы.

"Ҳауниверситет аҟны имҩаԥыргоз аиҿцәажәара  уадаҩра мбаӡакәа сахысит. Сара ҳәарада ибзианы еилыскаауан уи аилахәыраҟны аусура заҟа аинтерес амаз, аԥеԥшқәа исзаанартуаз, аха исыӡбеит – саангыларц. Аиҿцәажәара аиҿкааҩцәа рҿаԥхьа саҭамыз ҳәа ҳәаны ирасҳәеит уаҟа аусура мап зацәыскуаз. Сара сыҩныҵҟатә хырхарҭа сымоуп. Сара аҭаацәара салалар, ахшара соур, урҭ Аԥсны ирызҳалар шакәу бзиаӡаны иеилыскаауеит.  Заҟа тәыла збахьоузеи, заҟаџьара снеихьоузеи, аха еснагь исҭаху – сыхшара абра ирызҳаларц ауп. Сара исҭахуп урҭ ироурц аҽаџьара зоура алымшо. Аҽаџьара еиҳа еицәоуп ҳәа акәым, аха ҳара ҳҷыдарақәа арада џьаргьы иуоурц залшом. Аиҳаракгьы уаныхәыҷу", ҳәа дцәажәоит Аншба.

Рустам Аншба иажәақәа рыла ААУ данҭалоз даара иҭахын ақырҭуа-аԥсуа еимак аҭҵаара. «Сара иахьа ибзианы еилыскаауеит уи аимак  акырӡа ишыуадаҩу, сгәы ишаанагоз аасҭа. Сара сыстуденттә аамҭа акыр аинтерес аҵан.

"Ахаангьы сахьымхәыцызт ҳуниверситет сахьҭалаз. Ҳауниверситет аҿгьы алшарақәа шьардаӡоуп. Аха ҳара зегьы иахьеиӷьу ҳәа ҳақәҵны ҳцар, ара иаанхода? Ҳҳәынҭқаррагь зыргылода? Сара ибзианы избарҭоуп иҟаҳҵаша шырацәоу ҳтәылаҿ аԥсҭазаара аиӷьтәразы, ҳаԥхьаҟатәи абиԥарақәа ҳара ҳаҵкьыс еиӷьны инхаларц азы. Сара ҩышықәса схыҵуан аибашьра ианалагаз. Быжьшықәса анысхыҵуаз ашкол ахь сцеит. Усҟантәи аамҭақәа сгәаларшәо исҭахуп  схәыҷқәа усеиԥш иҟоу иацәысыхьчарц", — иҳәоит Аншба.

Рустам аҳәаанырцәтәи иҩызцәа лассы-лассы ирҭон азҵаара асеиԥш удгьыл адҳәалара шԥаҟалеи насгьы Аԥсны анхара гәҿыӷьраӡами ҳәа.

"Сара ара аҟазаара бзиа избоит. Сыԥсҭазаарагьы Аԥсны иацәхыкны сзахәаԥшӡом. Ирацәоуп сҩызцәа, сықәлацәа. Аҳәаанырцә исоуз аԥышәа акәзар, араҟа, схазы, сыԥсадгьыл азы схы иасырхәар сҭахуп. Иахьа ҳара алшарақәа рдунеи аҿы ҳанхоит. Даара акраҵанакуеит аҿар ииашан аус рыдулара, ииашоу ахырхарҭа рыҭара. Аҿар – еснагь еизҳауа социумуп. Ҳара ҳҿаргьы сахьрыхәаԥшуа абзиарақәа рацәаны ирыдызбалоит. Саб еснагь иҳәон: "Аибашьра ҳаиааиит. Уи уадаҩын. Аха еиҳагьы иуадаҩны иҟоу шәара ишәзыԥшу ауп. Шәа аҳәынҭқарра шәыргылароуп ҳәа. Уи ус ауп", — иҳәоит Русҭам.

Ԥхьаҟатәи аԥеиԥш алагала

Венгриа иҵара даналга ашьҭахь Русҭам Аншба аусура идыргалеит ООН ахәыҷтәы фонд аҟны. "Уажәазы сара аҵара снапы алакуп. Сара сгәаанагарала уаҵәтәи ҳԥеиԥш азы уи аҵак ду змоу акоуп. Сара сҽазысшәоит абри азҵаара исылшо адгылара аҭара. Ирацәоуп иҟаҵо, иаҳҳәап арҵаҩцәа рзы атренингқәа. Урҭ рышьҭахь ҳара иаразнак иаабоит алҵшәақәа" — иҳәоит Аншба.

Амина Енықьԥҳагьы  асеиԥш иҟаз атренингқәа дрылахәын. Лара ишылыԥхьаӡо ала Аԥсны аҵаратә система иахьазы ауадаҩрақәа амоуп.

Арҵаҩы – абри асистемаҿы ихадоу иакәны дыҟоуп. Арҵаҩцәа рдырра заҟа иҳараку аҟара аҵаратә процесс маншәалахоит лҳәоит лара.

Русҭам ишеиҭеиҳәо ала  аҿар рхаҭарнакцәа данрыҿцәажәо урҭ ирҳәоит ишырҭаху иуааа бзианы иҟаларц, рыԥсадгьыл азы ихәарҭахарц.  Аха уи Аԥсназы имаҷны ишьоит иара.

"Ҳара абзиара ҳазхаӡом. Ҳара – зегьы ҳреиӷьзароуп. Ҳара ҳмаҷуп. Ҳнапы злакызаалак аус аҟны ҳҟазазароуп. Иҳалшозароуп ҳиаша адунеи азнагара. Усеиԥш ҳҟаларц азы аиҳабыратә абиԥарақәагьы аҭакԥхықәра рыдуп. Аҿар амҩа иаша иқәҵалатәуп, аус рыдулалатәуп", — иҳәоит Аншба.

Иара игәаанагарала  Аԥсны ахӡыргаразы  ухала ухы уахәо уҟазароуп. Ара аҭаацәа рнырра  аҵакы дуны иҟоуп. Урҭ рыхшара  ирҭаху еснагь  рхы аларгалоит ҳәа азгәеиҭоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0