Аиаҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа Санкт-Питербург рҵара хдыркәшеит

© Фото : из личного архива Фриды БерзенияАиҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа
Аиҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиаҳәшьцәа Фридеи Гәындеи Берзениаԥҳацәа рыпродиусер Мзиа Берзениаԥҳа Нонна Тхәазԥҳа данлыҿцәажәоз ашәаҳәаҩцәа русуреи рхықәки атәы дазааҭгылеит.

Sputnik, Нонна Тхәазԥҳа.

Фридеи Гәындеи Берзениаԥҳацәа Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭа иалган Санкт-Петербургҟа ианцозгьы хықәкыс ирыман рпрофессионалтә дыррақәа еизырҳаны арахь рыԥсадгьыл ахь ахынҳәра, аконцертқәа рымҩаԥгара. Убри ахықәкы нарыгӡарц азы дара иахьа Аԥсны иааны иҟоуп. Уажәы аус руеит дара зылгаз Аҟәатәи Аҳәынҭқарратә музыкатә ҵараиурҭаҿы. Уаҟа аҵаҩцәа иддырҵоит авокал.

Мзия Берзения - Sputnik Аҧсны
Арадио
Фридеи Гундеи Берзениаԥҳацәа аԥсуа жәлар рашәақәа блиуз, джаз астильқәа рыла инаргыгӡоит

Берзениаԥҳацәа иахьа рнапы злаку аус даара ҭакԥхықәрала иазнеиуеит, ргәы-рыԥсы азышьҭны аҵаҩцәа аус рыдырулоит.

Ашәаҳәаҩцәа Гәындеи Фридеи Берзениаԥҳацәа Санкт-Петербург аҵара анырҵоз рырҿиараҿы еиҳарак хырхарҭас ирымаз аџьазтә музыка акәын. Уажәы дара Аԥсныҟа ианыгьежь ирҭахуп асценаҿы аус рыулар, хаҭалатәи аконцертқәа мҩаԥыргалар. Уажәазы дара ишырҭаху еиԥш уи аҩыза аҭагылазаашьа рымам, аха агәыӷра рымоуп хара имгакәа Аҟәатәи афилармониа аҿы солистцәас аусура иалагап ҳәа.

Ашәаҳәара ихадоу усны измоу ауаҩы есыҽны ихы аус адиулалароуп, убас Фридеи Гәындеи есыҽны рхы аус адырулоит. Насгьы хәыҷы-хәыҷла иаҿуп рхатәы студиа аиҿкаара. Уи анаадыртлакь уаҟа ахәыҷқәагьы рыдыркыло иалагоит.

Гәындеи Фридеи асценаҿы иҟоижьҭеи ҳазну ашықәс азы жәохә шықәса ҵит. Ари арҿиараҿы зынӡагьы иаамҭакьаҿӡам, аха егьымыцхәӡам ҳәа азыуҳәар алшоит. Ари аамҭа иалагӡан ашәаҳәаҩцәа ироуит аԥышәа, иагьышьақәгылеит артистцәа раҳасабала. Есааира ахәаԥшцәа еиҳа-еиҳа еиӷьны ирыдыркыло иалагеит. Иахьазы ирымоуп дара рхатәы зыӡырҩцәа, рхатәы хәаԥшцәа.

"Гәындеи Фридеи рҟазартә мҩаҿы зегь реиҳа ихадароу аԥсуа жәлар рашәақәа рынагӡароуп, аха дара ирҳәоит иахьатәи апоп музыкагьы. Насгьы дара инарыгӡоит астильқәа блиузгьы џьазгьи. Ррепертуар есымша аҽшаԥсахуагьы, уаҟа ихадароу аԥсуа ашәақәа роуп", – лҳәеит апродиусер.

Лара ишылҳәо ала, аиаҳәшьцәа Берзениаԥҳацәа гәаҳәарас ирымоуп Аԥсны араионқәа ирылсны аконцертқәа реиҿкара.

Арҭ ашәаҳәаҩцәа даара апозитив зҵоу, уи апозитив ахәаԥшцәа рҟынӡа иназго роуп.

"Дарбан шәаҳәаҩызаалак еиԥш дара рзы ихадароу, ԥсҭазаарасгьы ирымоуп асцена аҿынтәи ахәаԥшцәа аус рыцыуроуп. Уи аҩыза аҭагылазаашьа анрымоу рыԥсҭазаара аҵакы даара иҳаракхоит", – иазгәалҭеит лара.

Ажәакала рнапы злаку рус даара ҭакԥхықәрала иазнеиуеит. Рхы-рыԥсы зегьы иара иазкуп. Абра ихадароу аманшәалареи ақәҿиарақәеи роуп. Ирымазааит нас арҭ ашәаҳәаҩцәа ақәҿиара дуқәеи аманшәалареи.

Ажәабжьқәа зегьы
0