Гал араион аҟны аџьаԥҳаны рыԥшааит

© Sputnik / Михаил Мордасов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГал араион аҟны аџьаԥҳаны рыԥшааит. Архивтә фотосахьа
Гал араион аҟны аџьаԥҳаны рыԥшааит. Архивтә фотосахьа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса абҵара 28 рзы Гал араион, Алакәымҳара аиланхарҭаҟны ирыԥшааит иҵәахыз аџьаԥҳаны.

АҞӘА, ԥхынҷкән 30 – Sputnik. 2016 шықәса абҵара 28 рзы Гал араион, Алакәымҳара аиланхарҭаҟны, ареид амҩаԥгараан уаҩ дахьнымхоз аҩнаҿы ирыԥшааит  иҵәахыз аџьаԥҳаны. Абра атәы  аанацҳауеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзура апресс-маҵзура.

Иаарԥшуп 150 рҟынӡа аџьаԥҳаны (5,45; 7,62 колибр змоу), автоматқәа рзы амагазинқәа.

Закәандарыла  ахархәара зырҭо абџьари аџьаԥҳани ирылшоит  изтәу реиԥш ауаажәларра рзгьы ашәарҭаратә ҭагылазаашьа аԥҵара. Убри инадҳәаланы, аҳәара ҟаҳҵоит абџьар, аџьаԥҳаны збаз Аԥсны Аҳәынҭқарра акомпетенттә органқәа рахь адырра ҟарҵаларц, ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Иаарԥшу аџьаԥҳаны хыԥхьаӡарала 150 рҟынӡа иҟоуп (5,45; 7,62 колибр змоу), иара убасгьы урҭ ирыцуп автоматқәа рзы амагазинқәа ҩба.
Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчараз аусмҩаԥгатәқәа рҳәаа иҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа аамҭа-аамҭала имҩаԥыргоит ареидқәа, аиҳаракгьы аҳәаа иаԥну ақыҭақәа рҿы уаҩ дызхым аҩнқәа рҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0