Азыҟаҵаҩ: Саид Смыр атактика ҷыда мҩаԥигон

© Sputnik / Томас ТхайцукАбокс азыҟаҵаҩ Алик Карди-оглы
Абокс азыҟаҵаҩ  Алик Карди-оглы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аспортсмен Саид Смыр ашоу "Компромиссда" аҟны хымԥада даиааиуеит ҳәа дшақәымгәыӷуаз атәы ҳкорреспондент изеиҭеиҳәеит Саид Смыр ашоу ахь ицара аиҿкааҩ Роман Каҷараа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 дек – Sputnik, Роберт Џьопуа. Ашоу "Компромиссда" аҟны Саид Смыр ицықәгылоз аспортсмен даара дыӷәӷәан иҳәеит Саид иазыҟаҵаҩ  Алик Карди-оӷлы.

"Саида абри аспортсмен дицықәгылоит ҳәа анҳарҳәа, ҳара уи иқәгыларақәа ҭаҳҵаауа ҳалагеит. Ҳәарада имаз аӷәӷәарақәеи аԥсыҽрақәеи ҳрышьклаԥшит. Иара Саид иаасҭа деиҳан, убри азы иҳаӡбеит иааигәаны изнеира.

Ақәгылараан Саид илшоз зегь ҟаиҵеит. Араундқәа рыԥшьбагьы аиааира игеит. Аӡбаҩцәагьы еицҿакрыла Саид аԥыжәара ирҭеит", — иҳәеит азыҟаҵаҩ.

Атурнир ахь ацара еиҿызкааз Роман Каҷараа иазгәеиҭеит ақәгыларазы атактика ҷыда аус шадырулазгьы шә-процентк рыла Саид аиааира игап ҳәа иақәгәыӷуамызт.

"Саид ицықәгылоз аспортсмен дыӷәӷәан. Иара диеиҳан, имаха-ишьаха еиҳа иаун. Ҳара уаанӡа ҳазхәаԥшхьаз иқәгыларақәагьы иаҳдырбон имчра. Аиқәԥара акыр аибарххара аҵаны имҩаԥысуан", — иҳәеит Каҷараа.

Пиатигорск ақалақь аҟны имҩаԥысуаз абокс азы ашоу «Компромиссда» аҟны Аԥснытәи аспортсмен Саид Смыр Урыстәылатәи аспортсмен Сергеи Флоров дииааит.

Ажәабжьқәа зегьы
0