Путин: аинвестициатә проект жә-миллиардк рҟынӡа инаӡоит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАԥара
Аԥара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рауль Ҳаџьымба усутә визитла Москваҟа днеиит Урыстәыла Ахада Владимир Путини иареи еиԥыларцы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1  – Sputnik. Урыстәыла Ахада Владимир Путин иҳәеит  Урыстәылеи Аԥсни жә-миллиард мааҭ итәо аинвестициатә проектқәа рпакет еиҿыркааит ҳәа.

Президент РФ В. Путин встретился с президентом Абхазии Р. Хаджимбой - Sputnik Аҧсны
Путин: аполитикатә ҭагылазаашьа аизыҟазаашьақәа анырра рнаҭар алшоит

"Аинвестициатә хырхарҭала ҳара еиҿаҳкааит жә-миллиардк зыртәо апроектқәа рпакет. 700 инарыцны миллион мааҭ рҟынӡа апроектқәа ҳадаҳкылахьеит", — иҳәеит Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба диԥыло.

Путин иазгәеиҭеит арҭ апроектқәа иныҭкааны аус шрыдулатәу, аԥарақәа зегьы реалла аус ахь ицарц: амҩақәа рыҟаҵара, ашколқәеи ахәышәтәырҭақәеи рыргылара ирзырхахарц.

"Ҳара ҳақәгәыӷуеит усеиԥш иагьыҟалап ҳәа", — иҳәеит Путин.

Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьа Путин "еишьцәаратә еизыҟазаашьоуп", ҳәа азиҳәеит. 

Иара иажәақәа рыла Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара анапы рыҵарыҩхьеит 100 инареиҳаны еиқәшаҳаҭра,  30 аус рыдырулоит. Иара убасгьы дазааҭгылеит  арра аусхк аҟны атәылақәа рыҩбагьы русеицура.

Ҳаџьымба иакәзар,  Владимир Путин ҭабуп ҳәа иеиҳәеит ааԥхьара ахьииҭаз азы.

"Агәра згоит ҳнапы зҵааҩыз Аиҩызареи астратегиатә еидгылареи нагӡахап ҳәа", — иҳәеит иара.

Иара убасгьы иҳәеит ареспублика абиуџьет алагалақәа рыла ишынагӡо  36% рыла ҵыԥх аасҭа. Аԥсныжәлар рыхьӡала Рауль Ҳаџьымба Урыстәыла Ахада ҭабуп ҳәа иеиҳәеит Москва Аԥсны ианаҭо ацхырааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0