Мураҭ Бабал-иԥа: сыԥсадгьыл аӡбахә ансаҳа Аԥсныҟа сызлаара амҩа сашьҭалеит

© Facebook/Babal-ipa MuratМураҭ Бабал-иԥа
Мураҭ Бабал-иԥа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәаанырцәынтәи зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь ихынҳәыз рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп аҿар. Урҭ рахьтә иҟоуп ара аҵара зҵо, аус зуа, аҭаацәара аԥызҵақәаз. Мураҭ Бабал-иԥа (Хьециа) 15 шықәса ирықәуп Ҭырқәтәылантәи иԥсадгьыл аҿы дынхоижьҭеи, уи дҭаацәароуп аԥа димоуп.

Мураҭ Бабал-иԥа Сырма Ашәԥҳа илзеиҭеиҳәеит иԥсадгьыл ашҟа ихынҳәра шыҟалаз. 

– Мураҭ, аҭоурыхтә ԥсадгьыл аҵакы уара уеилкаараҿы ҭыԥс иааннакылои?

– Сара схәыцрақәа рҿы аҭоурыхтә ԥсадгьыл ҭыԥс иааннакыло аҳәара уадаҩуп. Аԥсадгьыл убла иамбакәа, алацәажәара цәгьоуп, уи агәра згеит ианызба амш инаркны. Аԥсадгьыл ҳамоуп ҳәа аныздыр нахыс, агәыбылра сызҿыхо иалагеит. Иаразнак Аԥсныҟа сызлаара амҩа  сашьҭалеит.  Аԥсадгьыл – уи аҵакы ӷәӷәоуп, сымч ақәхарым уи иақәнагоу ажәа аҳәара. Ҳабдуцәа рыдгьыл ҳара ҳзы иԥшьоуп. Ҳдацқәа ҳџьынџь дгьыл аҿы иҟаларц ҳҭахуп. Ҳазҭагылоу аамҭазы уи аҩыза аразҟы ҳамоуп.

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага смаҷын, 14ш. ракәын исхыҵуаз. Ҭырқәтәылатәи ателеканалқәа рыла ажәабжьқәа анцоз,  сани саби ираҩрыжьуамызт. Уантә иҳаҳауаз ахабарқәа рацәан.  Сан лоуп раԥхьа исазҳәаз Аԥсны аибашьра цоит ҳәа. Усҟан  еикааны исалҳәеит Аԥсны ҳара ҳаԥсадгьыл шакәу, ҳаиҳабацәа уантә ишааз. Убасҟан ауп сара сыԥсадгьыл ахь исоуз агәыбылра анҿыхаз, сшьа былуа ианалага, Аԥсныҟа смаар ада ԥсыхәа шҳамамыз, схы иҭаскит арахь аара. Сара стәала акыр сазхәыцит сшаара, аусура шысыԥшааша, анхара сшалагаша.

– Уара уҭаацәа ишԥарыдыркылеи  Аԥсныҟа уаара?

– Аиаша шәасҳәоит ирҭахымхаӡеит арахь саара. Аҭаацәа рзы имариаӡам нас рхәыҷы амҩа ҿыц данықәло. Досу иара ихәыцшьа, ихатә знеишьа имоуп. Сҭаацәа  аԥсадгьыл иамоу аҵакы бзианы еилыркаауеит. Аха, дара рзы сара схәыҷцәан, исыхӡыӡаауазар акәхарын… Аамҭа ргарц иашьҭалеит, нас уцап рҳәеит. Аха, зегь акоуп сара Аԥсныҟа аара сылсыршеит. Сан даара илцәыуадаҩын, аха сара уи гәыбӷан лысҭаӡом. Анацәа зегьы ус иҟоуп, еилыскаауеит. Дара ирҭахуп рыхшара рааигәа ианыҟоу. Сара сынкылара уадаҩхеит, акалагьы сахьхәны сыҟаӡам. Саб акагьы имҳәаӡеит, избанзар уи хаҵаҵас дазхәыцуан. Иара идыруан сара исҳәаз шынасыгӡоз.

– Мураҭ,  уара еснагь аҭоурых уазҿлымҳауп, уабдуцәа Аԥснынтә иахьықәҵыз ҳәа ирҳәоны иуаҳахьозеи уеиҳабацәа?

– Сара ишыздыруа ала, сабду фышықәса ихыҵуан Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара данақәшәа. Уи саб иаб иакәын. Ҵабалынтә иқәҵқәаз роуп. Сан Ҟарачԥҳауп. Сабду,  Адунеизегьтәи актәи аибашьра далахәын. Дыхәны дышьҭан, дыԥсуеит ҳәа ихыҵны ицеит. Аха,  Анцәа иџьшьаны деиқәхеит, иԥсы ҭаны иқыҭахь дхынҳәит. Сабду иашьцәа аибашьраҿы иҭахеит. Иаанхаз сабду заҵәык иоуп.

– Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара иақәшәаз аԥсуаа, Аԥснытәи аԥсабара  еиԥшыз аҭыԥ  ылхны анхара рҽазыршәеит. Уара уабдуцәа  абанхоз уа?

– Сара сабду иқыҭа Ефҭениа ахьӡуп. Ефҭениа иаҵанакуа хәқыҭак ыҟоуп, аха зегь ааизакны Ефҭениа ҳәа иашьҭоуп. Ҳабдуцәа Ҵабалынтә ацара зықәшәаз,  уа  анхара иалагеит.  Нас уантә егьырҭ ақыҭақәа рахь ииасқәаз ыҟоуп. Ефҭениа, аԥсуаа рацәаҩны иахьынхо қыҭа дууп. Еиҳарак иҟоу ажәлақәа ракәзар: Жьиаа, Ешаа, Қапаа, Ашәаа, Аӡынаа уҳәа ирацәоуп акыр. Ақыҭа иалҵны ақалақьқәа рахь ицаз рацәаҩуп. Уи еиҳарак изыхҟьаз аекономикатә ҭагылазаашьа ауп. Ақалақь дуқәа рахь ицаны аус руеит ахныҟәгаразы. Убри аҟынтә ақыҭаҿы иаанханы иҟоу еиҳарак аиҳабацәа роуп. Ефҭениа, Аԥснытәи аԥсуа ақыҭа цәгьа еиԥшуп. Ҳабдуцәа уа иахьнеиз ргәы иаҭахыз аҭыԥқәа алырхит, еиҳа аԥсабара ахьиаҵәаз, аӡқәа ахьлеиуаз…

– Ҭырқәтәыла инхо аҿари уареи аимадара шәыбжьоуп, рыԥсадгьыл ахь ирымоу ахәыцра зеиԥшрои?

– Сара, Аԥсны аныздыр, аӡбахә еилыскаартә саныҟала,  14 ш. ракәын исхыҵуаз, уигьы аибашьра анцоз аамҭазы. Уажәы ҳазҭагылоу аамҭазы еиуеиԥшым атехнологиатә хархәагақәа ыҟоуп, аҿар агәаҳәара змоу рыԥсадгьыл иазхьаԥшыртә еиԥш аҭагылазаашьа рымоуп, аимадара еиҳа аҽарӷәӷәеит. Аҿар   рҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь рхы кыдуп, рылаԥш хоуп. Арахь аара мацара азхаӡом. Иаарц, инхарц зҭаху рхы зланыҟәыргаша аусура рымазароуп.  Ус акәымзар, шықәсык ҩышықәса рнаҩс аԥхьаҵра рықәшәоит.  Уи ҟамларц азы, уаанӡа уус уаԥшыроуп, иудырроуп. Аҿар даара ргәы былуеит, уи ус шакәу аинтернет алагьы избарҭоуп. Насгьы, Ҭырқәтәыла санцалак зегьы еизоит, иҵаауеит, Аԥсны аӡбахә акыр иазҿлымҳауп.

Сара, Тҟәарчал акыр шықәса аус зуит арацәыҵхырҭатә усбарҭаҿы. Ҳара ара ҳанхарц ҳҭахызар аус ҳамур ада ԥсыхәа ҳамаӡам. Сара аусурҭа ҭыԥ смоузтгьы, аиаша шәасҳәоит нхара ҳәа сзааӡомызт, шьҭахьҟа сеиҭацахуан. Аԥсҭазаара есааира еиӷьхоит. Агәкажьра ауаҩы иламзароуп, уадаҩрақәак иԥгыларгьы дыриааироуп.

– Егьа ус иҟазаргьы, Аԥсныҟа раԥхьаӡа уанаа, иуԥгылаз ауадаҩрақәа ҳәа акрыҟазма?

– Дарбанызаалак  ауаҩы иара ихатәы знеишьа имоуп аԥсҭазаарахь. Досу игәҭакқәа зегьы наӡарц иҭахуп, аха зегьы  уара ишуҭаху еиԥш ҟалашьа амаӡам. Саргьы раԥхьа санаа, аиаша шәасҳәап, ԥыҭраамҭак сгәы каҳаны сыҟан. Аԥсуара даҽакала избоит ҳәа сазхәыцуан.  Аԥсуара ҳабдуцәа арантә инаргаз ауп ҳара иныҟәаҳго, акыр ҳахӡыӡаауеит.  Аха,  аԥсуара ахатә ԥҟарақәа амоуп, уи уанацәхьаҵ, уаԥсуарагь бжьамҽамхоит, цәа аҟәнымкәа иҟалоит. Сара аӡәгьы гәыбӷан исҭом, усҟан сиашахом, аха ҳаԥсуара ҳахьыҟазаалак пату ақәаҳҵарц сҭахуп. Аилибакаара ҳамазароуп, аҽыԥныҳәа ҳаибамҭароуп, иҳагу хаҳарҭәаароуп. Иреиӷьу амҩа агәҭа ҳаԥшаароуп, уи азы амчи алшареи ҳамоуп. Сара сашьцылеит аратәи аԥсҭазаара. Сааит, избеит, еилыскааит.

– Мураҭ, аҷҷаҳәа аԥсышәала уцәажәоит, уи даара игәахәароуп. Абызшәа агьама уыҩнаҭаҿы акәхап иахьыукыз, ус аума?

– Аԥсшәа сара сахьиз аҩнаҭаҿы исаҳаит.  Аха, аибашьра ҟалаанӡа уи схатәы бызшәоуп ҳәа исыздырӡомызт.  Ианеилыскаа, еиҳагьы сашьҭалеит исҵароуп ҳәа. Издыруан, аха сгәы ишаҭахыз еиԥш сызцәажәаӡомызт.  Уажәы ишыжәбо еиԥш, схатәы бызшәала исҭаху сҳәаратәы сыҟоуп. Ҭырқәтәыла, аԥсуа бызшәа  аӡра амҩа ихықәгылоушәа збоит. Аԥсыӡ аӡы зҵабаз ҳаҩызамхароуп. Аԥсны, ҳахьынаԥшааԥшлак,ҳахьыӡырҩлак зегьынџьара аԥсуа бызшәа ашьҭыбжь ҳаҳаларц сҭахуп, ҳхатәы бызшәала ҳцәажәалароуп. Шаҟа иԥшӡоузеи ҳара ҳбызшәа, уаламцәажәартә иҟоума?!

Амилаҭ ахатәы бызшәа змам, уи милаҭ наӡоума? Мап. Ҳарҭ ҳазгәыдузароуп иахьа иҳамоу аҭагылазаашьа бзиа. Аекономикатә ҭагылазаашьа иҳәаақәнаҵо акыр ирацәоуп. Адунеи аҿы аҭыԥ ԥшӡарақәа рацәоуп, аусурҭа ҭыԥқәагьы рыԥшаара уадаҩӡам. Аха, уԥсы злоу уԥсадгьыл еиӷьу џьаргьы акагьы ыҟаӡам сара сгәанала. Зегь раԥхьа сара исыргылоит абызшәа, анаҩс егьырҭ азҵаарақәа  зегьы. Ҳара ҳкультура  агьама бзиа амоуп. Уи аԥхьаҟа еихаҳалатәуп.  Аԥсны инхо аԥсуаа ҳхыԥхьаӡара рацәахароуп. Ҳнапы еикәыршаны, бзиа ҳаибабаны ҳанхароуп. Ҳара аԥеиԥш бзиа змоу жәларуп. Ҳахшыҩи ҳамчи еилаҳҵар акыр ԥхьаҟа ҳцоит.

– Мураҭ, даара иҭабуп ҳаиҿцәажәаразы. Аихьӡарақәа уусқәа зегьы  рҿы!

Ажәабжьқәа зегьы
0