Зылшарақәа пкыу рышықәс. Аԥсны ӡәыр уи игәалашәозма?

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗылшарақәа пкыу рышықәс
Зылшарақәа пкыу рышықәс - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахымхәацәа жәларбжьаратәи рымш азгәарҭоит ԥхынҷкәын З рзы адунеи зегь аҟны. Уи ала ауаажәларра ахымхәацәа рпроблемақәа ирызхьадырԥшуеит. Аԥсны ахымхәацәа рпроблемақәа рыӡбразы иҟоу аҭагылазаашьа атәы адырра алшоит акорреспондент Владимир Бегунов истатиаҟны.

Ԥхынҷкәын 3 рзы иаԥуп ахымхәацәа рпроблема алацәажәара. ООН абри амш рыланаҳәеит 1992 шықәса рзы. Ақалақь аҟны ахымхәацәа рылшара ахьынӡанаӡоу атәы алацәажәара иалагеит ааигәа.  1960-тәи ашықәсқәа рзы адунеи аҟны ари апроблема иазхьаԥшуа иалагеит. Аԥсны акәзар, шықәсқәак роуп иҵуа.

ԥсны ари апроблема иамоуп ахатәы ҭагылазаашьа. Ауаҩы ихы дамыхәо дҟалар иуа-иҭынха дрыцҳашьаны ауадаҩрақәа дырцәырыхьчо ииалагоит. Уи иара ауаажәларратә еилазаара дацәхьанакуеит ҳәа иԥхьаӡоит Ассоциациа "Инва-Содействие" акоординатор Алхас Тхагушев.

"Ҳара ҳҟны аҳақьымцәа  ауаҩы деиқәдырхоит, рус ҟарҵоит, аха ауаҩы дхымхәаны даанхоит. Уи ихы амаҵ ааура илшо дҟалароуп. Аха уи аӡәгьы иирҵом.  "У нас нет связи между медицинскими заведениями и социальными институтами, – говорит Тхагушев. – Доктора сделали свое дело, спасли, к примеру, молодого человека после ДТП, но ему придиҟоуп аиҿкаарақәа, апрограммақәа, аха урҭ зегьы системадоуп. Аиҳаракгьы ихадоу ауаҩы ихы имагәыхьха дҟамлароуп. Иԥсы шҭоу ак илшар шалшо атәы идыруазароуп", — иҳәоит Алхас.

Ақалақь аҩныҵҟа апандусқәа шамахамзар иуԥылом, атранспорт аҟны зынӡагьы иҟаӡам.

"Иахьазы апандусқәа ахьыҟоу Аурыс драматә театр, Аҳәынҭқарратә музеи, Амилаҭтә библиотека рҿоу, аха урҭ зегьы убасеиԥш иҟаҵоуп – рхархәара уадаҩны. Закәанк иқәымныҟәакәа, дасу ишиманшәалаз иҟаиҵеит", — иҳәоит Алхас Тхагушев.

Тхагушев игәаанагарала актәи аихагылақәа рҟны иҟоу акаҳуажәырҭақәа, адәқьанқәа рахь зылшара ԥку ауаа неиуа иҟазароуп.

Аҟәатәи ахәыҷтәы реабилитациатә центр аԥсихолог Ҭимур Ҷанба иҳәоит ақалақь аҟны иҟоу апандусқәа аколиаска ахалара, албаара уадаҩуп, изалшом ҳәа.

"Акызаҵәык, иаԥҵоу анормақәа змоу  "Интер-Сухум", Афилармониа роуп. Ари апроблема бжьыҭгала иалацәажәалатәуп", — иҳәоит Ҷанба.

Иахьазы иҟоуп аиҭакрақәа. Убас: ахымхәацәа рбиуџьет 50 миллион рахь ихагалоуп, Ассоциациа "Инва-Содействие" аҟынгьы ишрылшо ала ацхыраара руеит. Ари аус аҟны хадара змоу акакәны иахәаԥшуеит аҵара.  «Иҟоуп ашколқәа хымхәацәа хәыҷқәа рыдкылара иахьақәшаҳаҭу, аха уахь аколиаскала анеира алшом» — иҳәоит  Тхагушев.

2016 шықәса Аԥсны ахымхәацәа ирышықәсны ирылаҳәан, аха дара ахымхәацәагьы уи атәы цқьа ирыздырамызт.

"Сара сзацәажәоз аӡәгьы ус шакәыз рмаҳацызт», —  иҳәоит Алхас Тхагушев. Ассоциациа "Инва-Содействие" аҟны еиҭарҳәоит  ҵыԥх зидеиа цәыргаз, ахымхәацәа рзы амикроавтобус аныҟәара, ус, ӡбрада инхеит ҳәа.

Ассоциациа "Инва-Содействие" аҟны иазгәарҭоит иахьазы ареспубликаҟны  8 нызқьҩык рҟынӡа рхыԥхьаӡара наӡоит, урҭ рҟынтәи  2200-ҩык аибашьра иалалхәылацәоуп ҳәа.

1992 шықәса рзы ООН арезолиуциала ирылаҳәәан ԥхынҷкәын 3 Ахымхәацәа жәларбжьаратәи рымш ҳәа (International Day of Persons with Disabilities).

Ажәабжьқәа зегьы
0