Ареспубликатә хәышәтәырҭаҟны атехнологиа ҿыцқәа рхы иадырхәоит

© Фото : предоставлено Русланом СмырАмедицинатә наукақәа ркандидат Рулан Смыр
Амедицинатә наукақәа ркандидат Рулан Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арепубликатә хәышәтәырҭаҟны иаадыртит аԥҟарҭа ҿыц.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Малоинвазивнаиа хирургиа зыхьӡхаз, ауаҩы иԥҟараан излалшо ала аҽалагалара ԥызкуа ахирургиа адунеи зегьы аҟны еицазхарҵахьо стандартны иҟоуп, иҳәеит Sputnik аинтервиу аҭо Арепубликатә хәышәтәырҭа ахирургиа аҟәша аординатор еиҳабы, амедицинатә наукақәа ркандидат Руcлан Смыр.

"Малоинвазивнаиа хирургиа – ауаҩытәыҩа ицәа-жьы излалшо ала ирмаҷны анырра аҭара, иаарласны ишьапы иқәыргылара, адәахьтәи аԥҟарҭаԥшра хра аманы аҟазаара роуп иаанаго. Убри адагьы ахархәара зырҭо авдеоисстема иалнаршоит иахьԥырҟо аҭыԥ 20 рҟнӡа еиҳаны абара алыршара ауеит. Иара убасгьы иара аԥыжәарақәа иреиуоуп ачымазцәа астационар аҟны раанхара аамҭа акьаҿра", — иҳәеит Смыр.

Амедицинатә наукақәа ркандидат Руcлан Смыр Sputnik Апсны иаиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Адунеитә стандартқәа ирықәшәо ачымазаҩ ацхыраара иҭара ахьалшо аԥҟарҭа ҿыцқәа раԥҵара алшеит Урытәылатәи аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0