Зина Хышпҳа: "Аҿаҭахьы" ҳақәаҳҵуан, ҳус аныманшәалахалак – иҳақәаҳхуан

© Sputnik / Сергей Мамонтов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАрхивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсуа идинхаҵара инаваргыланы, амарҭаҭратә қьабзқәа ныҟәигоит иахьагьы. Ажәлар ирылаҵәоу ак акәны иԥхьаӡоуп "Аҿаҭахьы" ма "Акәырбан".

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

"Аҿаҭахьы" зхарықәырҵуази насгьы ишрықәырхуази ртәы далацәажәеит, хаҭала аныҳәара изныкымкәа иныҟәызгахьаз Зина Хышԥҳа.

Ианакузаалак, "Аҿаҭахьы" аԥҳәыс лоуп изқәызҵуа. Уи еиуеиԥшым ахырхарҭақәа ирзынархан. Иаҳҳәозар, ауаҩы акраамҭа ачымазара дамҽхакны данамаз, мамзаргьы иаалырҟьаны дычмазаҩхар, иан ма ианду "Аҿаҭахьы", даҽакала иаҳҳәозар "Акәырбан" лықәылҵуан. Лхы ҩышьҭхны, "Ҳаиҳа зымчу" диҳәон, згәы рахәымыз ишьапы дықәиргыларц, нас аԥсаҭатә шылшьуаз лҳәон. Иара уи аҽны зегь иреиҳау рбаӷьк азылкуан. Ԥсаҭатәс иалухыр ҟалон ԥшь-шьапык зҵоугьы.

аамҭала аныҳәарақәа мҩаԥызгоз Светлана Алшәындба - Sputnik Аҧсны
Светлана Алшәындба: аҭаца дшырныҳәо еиԥш лыԥсҭазаара шьақәгылоит

"Ачымазаҩ ишьапы данықәгылалак, "Аҿаҭахьы" зқәызҵаз иан ма ианду, шьыжьнаҵа дныҳәа-ныԥхьан аԥсаҭатә арбаӷь лшьуан. Анаҩс, аҩнаҭа аҭыԥҳацәа ма аҭаца дыҟазар, аишәа архиара иалагон. Аныҳәаратә чыс иеиуан: абысҭа, акәтыжь, абҳәаса сызбал ма арашы, ачаԥа, ачашә, аилаџь, ачаҳаржә, ахарҵәы, ацхаӡҩа, ахарҵәыӡҩа. Аԥсаҭатә арбаӷь иацәынхоз абҩақәа аҩнатә ԥстәра ирырҭаӡомызт. Изшьыз аԥҳәыс ашҭа анҭыҵ адгьыл аҟны илжуан", — ҳәа ҳаиллыркааит Зина Хышԥҳа.

"Аҿаҭахьы" иазку аишәа архҩараҿы аиԥшымзаарақәа ыҟоуп. Иаҳҳәозар асаби ма ақәыԥш дырныҳәозар, усҟан аишәа еиҳа афатә хаақәа рыла идырхион. Аишәа иадырԥхьалон ааигәа-сигәа инхоз ахәыҷқәагьы. Амала, аныҳәара иазкыз ачыс ашара ҟаломызт.

"Аҿаҭахьы" ма "Акәырбан" — ари доусы ихатә ҷыдарақәа злеигало ныҳәароуп. Ари аус аԥҟарақәа азԥҵәаны иамаӡам. Џьоукы-џьоукы агәылацәеи ирзааигәоу рыуацәеи ааԥхьара рырҭоит, даҽа џьоукых ҭаацәашәала имҩаԥыргоит. Дарбанзаалак изы ихадароу, "Аҿаҭахьы" зиҭаз "Ҳаиҳа зымчу" иахь имоу агәрагароуп", — лҳәоит изныкымкәа "Аҿаҭахьы" иазку аныҳәара мҩаԥызгахьоу Зина Хышԥҳа.

"Аҿаҭахьы" ма "Акәырбан" рықәырҵуеит, амҩа хара иқәло, уадаҩрак иақәшәо, аҵара зҵо, ажәҩан иалоу, амшын иху, амашьына аԥсҟы зку, арра иҟоу, аибашьра ицо уҳәа еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа ирҭагылоу рзы. Русқәа аныманшәалахалак, "Аҿаҭахьы" зқәызҵаз иқәхны аныҳәара мҩаԥигоит.

"Иҟоуп "Аҿаҭахьы" зықәҵаны, зажәа назымгӡахьазгьы. Уи даара игәнаҳароуп. "Ҳаиҳа зымчу" дыржьеит ауп иаанаго, раԥхьаҟа ицәгьараны ирԥымлар ауам", — лҳәеит Зина Хышԥҳа.

Зина Хышԥҳа иаҳзеиҭалҳәеит, ԥхыӡла "Аҿаҭахьы" зқәызҵаз ԥҳәыск лыӡбахәгьы. Ари ахҭыс аахижьҭеи 20 шықәса инеиҳаны иҵуеит аҟнытә, лыхьӡ лгәалашәаӡом, аха иахьыҟалаз Мгәыӡырхәа ақыҭан ауп.

"Мгәыӡырхәа ақыҭан, амшын аԥшаҳәа азааигәара инхоз ԥҳәыск, ԥхыӡла, еилкаамыз шьоукы иларҳәеит аӡхыҵра ҟалоит ҳәа, амши аамҭеи арбаны. Уи аанкыларазы лгәылацәеи лареи амшын аԥшаҳәа инацәыхарамкәа аныҳәара мҩаԥыргароуп ҳәа. Ларгьы, ражәа шыналыгӡо "Аҿаҭахьы" лықәылҵазаап. Адырҩаҽны, амшын азааигәара инхоз лгәылацәа дыҩрылалан, лыԥхыӡ рзеиҭалҳәеит. Аԥҳәыс лажәа ҩбамтәқәа, аԥхыӡ аҟны иҳәаз арыцхә мышқәак шагыз ирзеиԥшыз аныҳәара ду мҩаԥыргеит, ҳазшаз иашьаԥкит, амашәыр ҟамларц азы", — иҟалахьоу ахҭыс еиҭалҳәеит ҳзыҿцәажәоз.

Амарҭаҭратә қьабзқәа ирыҵаркуа даараӡа ирацәоуп. Аха иахьа иаҳҳәарц ҳалшоит, "Аҿаҭахьы" ма "Акәырбан" шәышықәсала ишмыӡуа. Уи иамоу амч шҵабыргу изныкымкәа ажәлар агәра ргахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0