Аԥсуа артистцәа Томбов аныҳәамшқәа ирылахәхоит

Ансамбль "Амцабз"
Ансамбль Амцабз - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Акультура аминистрра ишьақәнарӷәӷәеит 2016 шықәса рзы ашықәсҿыцтә ҳҭнықалақьны Томбов (ҵыԥх – Владимир).

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 — Sputnik, Бадри Есиава. Артур Лакрба, Манана Братухина ахореографиатә ансамбль "Иааирума" рылахәхоит ԥхынҷкәын 24-25 рзы Томбов ақалақь аҟны имҩаԥысраны иҟоу ашықәсҿыцазтәи аныҳәатә мшқәа. Абри атәы ҳзаалыцҳаит Аҟәа ақалақь Ахадара акультура Аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа.

"Томбовтәи аобласт агубернатор Александр Никитин иҟаиҵаз анаԥхьарала ҳартистцәа ықәгылараны иҟоуп Томбов ақалақь аҟны. Аҟәеи Томбови қалақь-еишьцәоуп. Ҳара ҳделегациақәа уахь изныкымкәа ицахьан аҳҭнықалақь Ахадара афинансқәа Русбарҭа аҟазауаҩ Роланд Гамгиа ицхырааралагьы", — лҳәеит Ҳашыгԥҳа.

Лара лажәақәа рыла Артур Лакрбаеи Манана Братухинеи рпрограмма хада иаҷыданы инарыгӡараны иҟоуп аныҳәаз ҷыдала Ҭимур Кәакәасқьыр ииҩыз ашәа "Аҟәа – Томбов".

Ахореографиатә ансамбль "Иаарума" инанагӡараны иҟоуп амилаҭ кәашарақәа хԥа. аха, аныҳәа аиҿкааҩцәа адырра ҟарҵеит Аԥснытәи артистцәа рпрограмма дырҭбаар шрылшо азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0