Мариа Жьиԥҳа Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ лыхҵахеит

© Sputnik Анжелика Бения Мариа Жьиԥҳа Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ лыхҵахеит
Мариа Жьиԥҳа Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ лыхҵахеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ лыхҵахеит афольклортә ансамбль "Кьараз" асолистка Мариа Жьиԥҳа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Апрофессионализм ҳараки аультуреи аҟазареи рыҿиараҿ ллагала дуи рзы Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика зҽаԥсазтәыз артистка ҳәа ахьӡ лыхҵахеит афольклортә ансамбль "Кьараз" асолистка Мариа Жьиԥҳа.

Аԥсны Акультура аминистрраҟны Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика Ахада Рашид Темрезов Иусԥҟа даԥхьеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба.

Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа иазгәалҭеит 2015-2016 шықәсқәа рзы ареспубликаҟны акультура аусхк аганахьала уаҩ игәы иахәаша ахҭысқәа маҷымкәан иҟалеит ҳәа.

"Аԥсны иҟаз Ҟарачы-Черқьессктәи аделегациа алахәылацәеи ҳареи ауснагӡатәқәа реицымҩаԥгара ҳалацәажәеит. Нас, Аԥснытәи аделегациа Черқьесск иаҭааны иҟан, акартинатә галереиа аартраан. Сынтәа, Черқьессктәи атеатр актиорцәа сасны иаҳҭан. Ҳара иааиԥмырҟьаӡакәа адоуҳатәи акультуратәи еимадарақәа ҳамоуп. Уи уаҩы игәы иахәаша ҭагылазаашьоуп", — лҳәеит аминистр.

Мариа Жьиԥҳа Ҟарачы-Черқьессктәи ареспублика анапхгара ҭабуп ҳәа ралҳәеит ахьыӡ ҳарак ахьылхырҵаз азы.

"Цәыббрамзазы гагра иааны иҟан Ҟарачы-Черқьессктәи аделегациа. Аиԥыларахь инаԥхьан ансамбль "Кьараз". Сара уа инасыгӡеит ашәа "Синана", — лҳәеит Мариа Жьиԥҳа.

Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мариа Жьиԥҳа ансамбль "Кьараз" аҟны ашәа лҳәоит 1976 шықәса раахыс. Ансамбль изныкымкәа еиуеиԥшым афестивальқәеи аконкурсқәеи ирылахәхахьеит, аԥхьахәқәа анаршьахьеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0