"Анра ахьӡ-аԥша" аорден шьаҭаркхоит Аԥсны

© Sputnik, Бадрак Авидзба Рауль Ҳаџьымба аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" 23-шықәса ахыҵра инамаданы имҩаԥнагаз аныҳәатә уснагӡатә далахәын
Рауль Ҳаџьымба аиҿкаара Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы 23-шықәса ахыҵра инамаданы имҩаԥнагаз аныҳәатә уснагӡатә далахәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны иазгәанаҭон 23-шықәса ахыҵра.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ԥхынҷкәын 23 рзы аиҿкаара "Анацәа аҭынчреи асоциалтә иашареи рзы" Владислав Арӡынба ихьӡ зху амузеи аҟны иазгәанаҭон 23-шықәса ахыҵра. Аныҳәатә уснагӡатә аҟны иқәгылаз Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба иҳәеит ишазыԥхьагәаҭоу "Анра ахьӡ-аԥша" аорден ашьаҭаркра.

"Атәылаз реиҳа иуадаҩыз аамҭақәа рзы шәара аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ргәашьамх шьҭышәхуан, аиааира аагараҿы шәлагаламҭа ӷәӷәаны иалоуп. Зыхшара зцәыӡыз анацәа ргәы аанызкыло, ргәы шьҭызхуа ҳәа иҟоу Аԥсны ахақәиҭреи ахьыԥшымреи, ԥхьаҟатәи аԥеиԥши роуп. Шәара ишәааӡаз роуп иахьа Аԥсны Аԥсынны иҟазҵаз", — иҳәеит иара.

Аибашьра ашьҭахьтәи аамҭазы атәыла аҿаԥхьа ицәырҵит апроблемақәа рацәаны. Аблокада ҳанҭакыз аамҭазы анацәа аҽазныкгьы ауадаҩрақәа ирыҵагылеит ҳәа азгәеиҭеит атәыла Ахада.

"Шәара ишәылшеит аибашьрашьҭахьтәи аамҭақәа раангьы асоциалтә ҭагылазаашьа арҽеира, шәҭаацәарақәа амлеи ахьҭеи рамыркра. Иахьа, Аԥсны аҿиара амҩа иананугьы шәара шәыцхыраара ҳҭахны ҳаҟоуп. Гәыкала зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, агәамч, ақәҿиарақәа", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Атәыла Ахада иара убасгьы иҳәеит аиҿкаара зыҩноу ахыбра ауада аремонт шазухо 2017 шықәса рыҩныҵҟа.

Аиҿкаара анапхгаҩы Гәыли Кьычԥҳа атәыла Ахада ҭабуп ҳәа иалҳәеит ириҭо адгыларазы.

Аныҳәатә уснагӡатә иалахәын аибашьра аамҭантәи ашәақәа назыгӡоз аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0