Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь ашәҭшьыҵәрақәа наргоит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь ашәҭшьыҵәрақәа наргоит
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭахь ашәҭшьыҵәрақәа наргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынҷкәын 25, ашьыжь, Шәача ақалақь ааигәара Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан каҳаит. Аҳаирплан иҭан Урыстәыла ар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль артистцәа, еицырдыруа агәыҳалалратә усмҩаԥгаҩ Елизавета Глинка (аҳақьым Лиза), иара убас Актәи аканали, НТВ-и, ателеканал "Звездеи" ржурналистцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26— Sputnik. Ԥхынҷкәын 25, ашьыжь, Шәача ақалақь ааигәара икаҳаз Урыстәылатәи Афедерациа Атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан иҭан Урыстәыла ар рыкәашареи рышәаҳәареи рансамбль артистцәа, еицырдыруа агәыҳалалратә усмҩаԥгаҩ Елизавета Глинка (аҳақьым Лиза), иара убас Актәи аканали, НТВ-и, ателеканал «Звездаеи» ржурналистцәа. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭахь ҳтәылауаа ашәҭшьыҵәрақәа наргоит. Абри атәы ҳзеиҭеиҳәеит Ацҳаражәҳәарҭа Апресс-атташе Турал Джавадов.

"Адашшыларазы ашәҟәы ыҟам, аха иацижьҭеи арахь иааиуа ауаа рҟынтәи адышшыларақәа ҳадаҳкылоит. Ацҳаражәҳәарҭаҟны иларҟәуп аҳәынҭқарратә бираҟ, иарбанызаалак гәырӷьа-ччаратә уснагӡатә мҩаԥаагом", — иҳәеит иара.

Турал Джавадов иажәақәа рыла Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев иааиԥмырҟьаӡакәа, аамҭа-аамҭала аԥшаара мҩаԥызго иҽрыдиҳәалоит аҵыхәтәантәи адыррақәа роуразы.

Амҽыша, ԥхынҷкәын 25 рзы иҭахаз аҳаирплан ТУ-154 аекипаж рыдагьы иҭан адирежиор Валери Халилов напхгара зиҭоз Александров ихьӡ зху ашәаҳәареи акәашареи рансамбль артистцәеи урыстәылатәи ажурналистцәеи, агәыҳалалратә фонд "Справедливая помощь" адиректор Елизавета Глинка. Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла аҳаирплан иҭан 92-ҩык ауааԥсыра.

Авиакотострофа аҭҵааразы аиҳабыратә комиссиа напхгара аиҭоит Соколов.

Аҳаирплан ТУ-154 аҳаиртә баӷәаза арадарқәа рҟынтәи иӡит ашьыжь, ԥхынҷкәын 25, асааҭ 5.40 мск рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0