Гагратәи аиқәырхаҩцәа аԥшаарақәа мҩаԥыргоит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГагратәи аиқәырхаҩцәа аԥшаарақәа мҩаԥыргоит
Гагратәи аиқәырхаҩцәа аԥшаарақәа мҩаԥыргоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи аиқәырхаҩцәа Ԥсоу инаркны Пицунданӡа аԥшаарақәа мҩаԥыргоит.

ГАГРА, ԥхынҷкәын 26 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Иахьа ашьыжь инаркны, Аԥсны аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Гагра араион аиқәырхаразы амцарцәаратә-аиқәырхаратә ҟәша аусзуҩцәа Ԥсоу инаркны Пицунданӡа, амшын агәи иара убас аҟәареи рҟны гәыԥ-гәыԥла рҽеиҩшаны нап адаркит, иацы иҭахаз, Урыстәыла атәылахьчара аминистрра иатәыз аҳаирплан ахәҭақәеи апасаџьырцәа рыԥсыбаҩқәеи рыԥшаара.

"Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, Урыстәылатәи ҳколлегацәа ацхыраара арыҭаразы. Аҳаирплан апасаџьырцәа рҭахара гәалсра дула ирыдыркылеит Гаграа. Иахьа изныкымкәа аҭыԥантәи ауааԥсыра рхатәы мчы ҳадыргалахьеит, аха мап рцәаҳкит. Аԥшаарақәа рымҩаԥгараҿы ацхыраара ҳарҭоит Аҟәатәи аӡҭалаҩцәеи, Очамчыратәии Гәдоуҭатәии аиқәырхаҩцәеи. Макьаназы ҳус лҵшәадоуп", — иҳәеит аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра Гагра араион ахьчаразы, амцарцәаратә-аиқәырхаратә ақалақьтә ҟәша аиҳабы Давид Бганба.

Аԥшаарақәа рымҩаԥгара активла иалахәуп Гагра араион амшынтә транспорт маҷ азы аинспекциа аусзуҩцәагьы.

Аҳаирплан ахәҭақәеи апасаџьырцәа рыԥсыбаҩқәеи рыԥшаара иацҵахоит уахи ҽни, алҵшәа ҟалаанӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0