Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ашықәстәи аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит

© SputnikПодведение итогов года в МИДе Абхазии
Подведение итогов года в МИДе Абхазии - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2016 шықәса рзы аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа еиҳа иӷәӷәахеит, иҭҭәааит лҳәеит ашықәстәи аусура аихшьаалақәа рыҟаҵаразы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Лаура Ҭаниаԥҳа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28– Sputnik, Роберт Џьопуа. 2016 шықәса рзы аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьақәа еиҳа иӷәӷәахеит, иҭҭәааит лҳәеит ашықәстәи аусура аихшьаалақәа рыҟаҵаразы ахаша, ԥхынҷкәын 28 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Лаура Ҭаниаԥҳа. Ашықәс иалагӡаны имҩаԥган 200 рҟынӡа еиԥылара.

"Аиԥыларақәа мҩаԥган Урыстәыла, Евроеидгыла, ООН, ОБСЕ, Швеицариа, Венесуела, Приднестровие, Аахыҵ Уаԥстәыла рделегациақәеи иеиҳабыратәым жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәеи рыдкылараан. Еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәеи анапхгаҩцәеи рахь ишьҭын 630 нота, иҳауит 362 нота, еиҿкаан адипломатиатә дкыларақәа. Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь аус адуларазы инаган аҳәынҭқаррабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа хԥа, аусбарҭабжьаратә еиқәшаҳаҭрақәа ааба", — лҳәоит Ҭаниаԥҳа.

Апресс-маӡаныҟәгаҩ инаҵшьны иазгәалҭеит 2016 шықәса рзы Аԥсны ахьыԥшымра азгәазҭаз Урыстәыла аус ацра аганахьала активла аусурақәа шымҩаԥысуаз. Иара убри аан аусбарҭа аусура аиҳарак имаӡоу арежим ала имҩаԥысуеит.

Аҳасабырбатә аамҭа иахьынӡаҵанакуаз имҩаԥысуан аиҩызареи аусеицуреи рырӷәӷәара иазырхоу ауснагӡатәқәа.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ацҳаражәҳәарҭа акәзар иалшо зегь ҟанаҵоит Урыстәылатәи афедерациаҟны аккредитациа змоу адипломатиатә корпусқәа рнырразы. Уи адагьы Урыстәылатәи Афедерациа азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчрақәа аус рыцура иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысуеит ҳәа азгәалҭеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0