Даур Ақаҩба: Женеватәи аиҿцәажәарақәа алҵшәақәа аадырԥшып ҳәа ҳгәыӷуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ацентртә аппара 2017 шықәса рзы аиҭакрақәа аиураны иҟоуп, иҳәеит апресс-конференциаҟны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 28 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Женева имҩаԥысуа аиҿцәажәарақәа иалдыршоит адунеи ауаажәларра аԥсуа ган агәаанагареи апозициеи рызнагара иҳәеит ахаша, ԥхынҷкәын 28 рзы имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба.

Даур Ақаҩба иажәақәа рыла Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа аиԥыларақәа алҵшәа ҳзааргап ҳәа агәыӷра ыҟоуп.

"Аашықәса ҵуеит арҭ аиԥыларақәа мҩаԥысуеижьҭеи. Урҭ ашықәсқәа ус иниасны ицеит ҳәа аҳәара иашам. Иҳамоуп агәыӷрақәа. 2017 шықәса рзы ҳазыԥшуп алҵшәақәа ҟалап ҳәа. Иҟоуп ҷыдала аус здаауло аҭагылазаашьақәа. Сгәы иаанагоит иааиуа ашықәс аан арҭ аиҿцәажәарақәа еиҳа хра рыманы иҟалап ҳәа", — иҳәеит аминистр.

Даур Ақаҩба иазгәеиҭеит иааиуа ашықәс азы Аԥсны адунеижәларбжьаратә аренахь ацәыргаразы аҽазышәарақәа шымҩаԥгахо. Иара убасгьы аминистр ажурналистцәа иреиҳәеит аусбарҭа аусура еиҳа хра аманы иҟаларц азы аиҭакрақәа ҟалараны ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0