Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аехсра иақәыӡбоит Аԥсны адәныҟаполитикатә Усбарҭа

© Foto / предоставлено МИД РААԥсны адәныҟаполитикатә Усбарҭа
Аԥсны адәныҟаполитикатә Усбарҭа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ахаша, ԥхынҷкәын 28 рзы Шьамтәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа административтә хыбра ашҭаҟны икажьын аминақәа ҩба.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 — Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ақәыӡбеит ахаша, ԥхынҷкәын 28 рзы, Шьамтәылатәи Арабтә республикаҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа атеррористцәа реихсра. Абри атәы аанацҳауеит Аусбарҭа аофициалтә саит.

"Иҟалаз ахҭыс Урыстәылатәи Афедерациа шьамтәылатәи акризис аҭышәныртәаларазы имҩаԥнаго аҽазышәарақәа рԥырхагахара иазырхоуп, иҵнашәаауеит ҳәа иазаҳаԥхьаӡоит. Асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьаҟны жәларбжьаратә аилазаара рыбжьы ҭыганы иақәыӡброуп атерроризм" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Аԥсны Адәныҟатәи Аусқәа рминистрра жәларбжьаратәи аилазаара ахаҭарнакцәа рахь ааԥхьара ҟанаҵоит атеррористтә акт иахәҭоу ахәшьара арҭарц.

Ахаша, ԥхынҷкәын 28 рзы Шьамтәыла иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа административтә хыбра ашҭаҟны икжьын аминақәа ҩба. Аминақәа руак ахыбра ашҭа иҭаҳаит, аҩбатәи адипмиссиа аҵакыра иацәыхарамкәа икаҳаит. Урҭ реиҵыхразы уахь инаԥхьан асапиорцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0