РУСДРАМ аҟны "Хроники Зазеркалья" ддырбоит

© Sputnik / Илона ХварцкияРУСДРАМ аҟны "Хроники Зазеркалья" ддырбоит
РУСДРАМ аҟны Хроники Зазеркалья ддырбоит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қьырсаныҳәа аламҭалазы Аԥсны аҳҭнықалақь атеатрқәа рҟны имҩаԥысуеит еиуеиԥшым аныҳәатә спектакльқәа. Аурыс драматә театр акәзар иазнархиеит алакә ссир "Хроники Зазеркалья".

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа

Ашықәс ҿыцаныҳәа — алакә ссир иаамҭоуп. Иуникалтәу ашықәс ҿыц азтәи ақәыргыламҭа "Хроники Зазеркалья" абаразы РУСДРАМ ахыбрахь есыҽны инеиуеит хыԥхьаӡара рацәала ахәаԥшцәа хәыҷқәа. Аҽакы иаламҩашьо абри аныҳәатә қәгылара абара лылшеит Sputnik акорреспондентгьы.

Ельф, фавн, аӡаҳ уҳәа ирацәаҩын ара иубарц иулшоз.

Аспектакль хзыркәшаз аԥарда анлеи ашьҭахь атеатр акулисқәа рахь Аҵаа Бабаду ибаразы днеиит зани зандуи имҩаԥыргоз, ԥшьышықәса зхыҵуа Никита Самоилов.

Никита, акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" хылаԥшра инаҭоит. Иара даара иҽырҟасаны Аҵаа Бабаду изҵаарақәа рҭак ҟаиҵон. Иара иҳәеит дыпрофессорхарц, ахәыҷқәа зхәышәтәуа ҳақьымны дҟаларц шиҭаху. Аха алакә афырхаҵа хада даниԥыла ашьҭахь Никита иӡбит дактиорхарц.

Аспектакль арежиссиор-ақәыргылаҩ иажәақәа рыла аспектакль уникалуп.

"Асценари актиорцәа еицырыҩуан. Ҳатеатр аҟны аныҳәақәа раан аспектакльқәа рықәыргылара традициахеит» — иҳәеит Жорданиа.

Аспектакль ақәыргылара иагеит 10 мшы.

Алакә "Хроники Зазеркалья" ықәдыргылоит мышкахьы ҩынтә, ажьырныҳәа 6 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0