Леонид Аргәын иԥсы ҭазҭгьы, 90 шықәса ихыҵуазаарын

© http://gryprl.blogspot.com/Леонид Аргәын иԥсы ҭазҭгьы, 90 шықәса ихыҵуазаарын
Леонид Аргәын иԥсы ҭазҭгьы, 90 шықәса ихыҵуазаарын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
РСФСР абаҩрҵәыратә культураз зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, СССР аспорт азҟаза, Москватәи агуманитартә университет абаҩрҵәыраз акафедра адоцент, Ҟәланырхәатәи арԥыс Леонид Аргәын иԥсы ҭазҭгьы ажьырныҳәа 2 рзы ихыҵуазаарын 90 шықәса.

Леонид Аргәын иӡбахә даҳзалацәажәеит Ареспубликатә хәыҷтәы спорттә школ анапылампыл акоманда азыҟаҵаҩ Олег Лакрба.

Бадри Есиава, Sputnik.

Олег Лакрбеи Леонид Аргәыни еибадырит Гәдоуҭа ақалақь аҟны, 1955 шықәса рзы. Олег ишигәалашәо ала — ԥхыны мшын. Аргәын усҟан деицырдыруа дҟалахьан. Аҭыԥантәи ахәыҷқәа рыблақәа ҭхаха ихәмарра иахәаԥшуан.

"Сара усҟан зынӡа смаҷын. Леонид Езаҭ-иԥа акыр дсеиҳан шықәсыла. Ихәмарра саланахалан сацклаԥшуан. Леонид усҟан Москва аҵара иҵон, аԥхынразы Гәдоуҭаҟа дааны дыҟан", ҳәа игәалаиршәоит Олег.

Леонид Аргәын иҵара-дырра ҭбаан, аԥсыуала дааӡан, аҟыбаҩ ҷыда илаз иныԥшуан. Даара дазыҳаҵ-ҳаҵон ареспубликатә спорт арҿиара, ишилшоз ала аспортсменцәа ҿарацәа дрыцхраауан.

Олег Лакрба иакәзар, иҿиҵааз рацәоуп.

"Сара усҟан Гәдоуҭатәи ахәыҷтәы спорттә школ аҟны аус зуан зыҟаҵаҩыс. Леонид Аргәын иабжьгарақәа акыр исыхәон. Аус аганахьала даара дымҽыӷын", — иҳәоит Лакрба.

Анапылампыл азы РСФСР еизгоу акоманда акапитан Леонид Аргәын хәынтә СССР Ачемпионат апризиорс дҟалахьан, Адунеизегьтәи Ауниверсиада апризиорс дыҟан.

Иара усҟантәи аамҭазы ҿыцны ицәырҵыз аспорт хкы ринго ашьаҭаркыҩцәа дреиуан.

Олег Лакрба еиҭеиҳәоит ринго аԥхьа иахьцәырҵыз Чехочловакиа ауп ҳәа. Иара Асовет еидгылахь иаазгаз, арҿиарагьы аԥшьызгаз Леонид Аргәын иакәын.

Гәдоуҭагьы уи ахәмарра алаҳарҵәарц иақәаҳкын аха ирыдрымкылеит.

Аспортаҿы илагалеи ишәҟәы "Ринго — твое здоровье" рзы Леонид Аргун 1992 шықәса рзы ианашьан амедаль "30 лет ринго".

Лакрба ишигәалашәо ала аԥсҭазаараҟны Леонид Аргәын ауаҩԥсы дидихалон, иҿҵаа бзиан, иажәа хаан. Иацәажәара уарааԥсомызт.

© Фото : из архива семьи АргунЛеонид Аргун
Леонид Аргун - Sputnik Аҧсны
Леонид Аргун

Усҟантәи аамҭақәа рзы аспорт плошьчадкақәа рахь ауаа рацәа неиуан. Зны Олеги Леониди ирыӡбеит аҭыԥантәи аҿар рыбжьара атурнир аиҿкаара. Џьоукы аишәа-чара ықәҵан ҳахәмарып рҳәеит, аҽа џьоукы — аҩы-цқьа рҳәеит, аҵыхәтәантәиқәа аршәы хаа ықәаҳҵап рҳәеит. Ахәмарра хыркәшахеит Олеги Леониди зныкгьы иаҵамхакәа. Ирықәнагаз ԥышь-кьылак аршәгьы роуит.

"Иаҵахаз цан ҳахәҭаа аршәы аархәеит. Ҳәарада иара зегьы ирзаҳшеит", — еиҭеиҳәоит Лакрба.

Леонид Аргәын диит ажьырныҳәа 2 1927 шықәса рзы Ҟәланырхәа ақыҭан. 1950-тәи ашықәсқәа рзы далгеит Москватәи абаҩрҵәыратә институт. РСФСР абаҩрҵәыратә культураз зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, СССР аспорт азҟаза, Москватәи агуманитартә университет адоцент Леонид Аргәын аспорт аганахьала инарҭбааны деицырдыруан.

1953 шықәса рзы ЦК ВЛКСМ ашкол аҟны анапылампыл азы зыҟаҵаҩыс дыҟан, 70-тәи ашықәсқәа раан Куба, Гавана абаҩрҵәыраз Ацентртә институт аҟны рҵаҩыс дыҟан. Иара инапхгаралоуп Кубатәи акоманда анапылампыл азы адунеи иачемпионны ишыҟалаз.

Ажәабжьқәа зегьы
0