Аладатәи арратә округ аруаа арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит

© Sputnik Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАладатәи арратә округ аруаа арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит
Аладатәи арратә округ аруаа арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа арратә техникеи абџьари рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аруаа арратә ҽазыҟаҵаратә гәаҭарақәа рҳәаа иҭагӡаны арратә техникеи абџьари атанк иаҿагылоу аракетатә комплексқәа (ПТРК) "Штурм-С" рыла ахысрақәа мҩаԥыргеит, ҳәа аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ урыстәылатәи арратә база иаалырҟьаны иргылан. Агәаҭарақәа мҩаԥыргон аштаб афицарцәа. Дара иазгәарҭон арратә еилазаара азыҟаҵара аҭагылазаашьа, иаарласӡаны рнап ианҵоу адҵақәа рынагӡашьа. Арратә полигонқәа "Ҵабали" "Новгалоуи" рҟны ахархәара рыҭан атанк иаҿагылоу аракетатә комплексқәа (ПТРК) "Штурм-С", ҳәа арбан уаанӡатәи апресс-реализ аҟны.

Арратә округ амаҵзурауаа иаалырҟьаны адҵа роуит. Апресс-маҵзура аинформациала ауснагӡатә иалахәын 500 инареиҳаны амотохысыҩцәа, 100 инареиҳаны атехника ҷыда. Ахысратә полигон аҟны ахархәара рыман 30 рҟынӡа абџьар хыкқәа ҳәа аҳәоит адырраҟны.

Ҳазну ашықәс мшаԥымзазы имҩаԥысраны иҟоуп ахыркәшаратә ҽазыҟаҵарақәа Краснодартәи атәылаҿацә аҟны иҟоу аполигон "Молькино" аҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0