Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа Апрезидент иинаугурациа иалахәын

© Фото : МИД АбхазииАдәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа Апрезидент иинаугурациа иалахәын
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа Апрезидент иинаугурациа иалахәын - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспублика Никарагуа Ахада Даниель Ортега иинаугурациа иазку ауснагӡатәқәа рылахәразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуаҟа ицаны иҟоуп. Аделегациа иалахәуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба, аусбарҭа ахаҭарнакцәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 12 — Sputnik. Ареспублика Никарагуа Ахада Даниель Ортега иинаугурациа иазку ауснагӡатәқәа рылахәразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуаҟа ицаны иҟоуп.

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аделегациа Никарагуа иҟоуп

Аделегациа иалахәуп Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, ихаҭыԥуаҩ Олег Аршба, аусбарҭа ахаҭарнакцәа Мадина Зыхәԥҳа, Ҭенгиз Ҭарба, Сариа Џьопуаԥҳа.

Аинаугурациа мҩаԥысит Никарагуа аҳҭнықалақь Манагуа ареволиуциа Ашҭаҟны. Асасцәа рыгәҭа иҟан Венесуела, Гондурас, Сальвадор рпрезидентцәа, иара убасгьы еиуеиԥшым атәылақәа рминистррақәеи русбарҭақәеи рнапхгаҩцәа.

Авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит еиуеиԥшым аиԥыларақәа. Ирылацәажәан Никарагуеи Аԥсни реизыҟазаашьақәа рыҿиара азҵаарақәа.

Хынтәуп Даниель Ортега Никарагуа апрезидентс далырхуеижьҭеи. 99,8% абыжьқәа рыԥхьаӡараан ишьақәыргылан 72,5% алхыҩцәа Даниель Ортего ибжьы ширҭаз, иаанхаз 15% рыбжьы ирҭеит Максимино Родригес. Амаҵзура иаԥхьаӡоит апрезидент ихаҭыԥуаҩыс дҟалоит ҳәа Даниель Ортего иԥшәмаԥҳәыс Росарио Мурильо.

Ажәабжьқәа зегьы
0