Анапкымҭа ссирқәа

© Sputnik / Томас ТхайцукМака Кочал-иԥа
Мака Кочал-иԥа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Кен даԥсуа хаҵаны иҟаҵара шалшои аҭоурыхдырыҩцәа лассы-лассы амилаҭ маҭәа ахьырӡахуахь изымҩахыҵуеи дҳазрылацәажәеит амодельиер Мака Кочал-ипа.

Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа.

Мака Кочал-ипа — дҭеразы ҷыдоуп. Лара аԥсуа милаҭ маҭәа адагьы илӡахуеит аклассикатә, аныҳәатә, ачаратә маҭәа, ахәыҷқәа рзы амаҭәа, урҭ рыдагьы акьанџьақәа рзы амилаҭ маҭәа.

"Занааҭла сара аҭеразра сацәыхароуп, смедицинатә усзуҩуп", — лҳәоит Мака Кочал-ипа.

Ателье аҟны аусура сыԥсҭазаара иабжоуп, амедицина акәзар сҭаацәеи сгәылацәеи рзы акәхеит лҳәоит лара.

"Сан дӡахуан, санду дԥон. Иҟалап саргьы шьҭрала исылазар ари аҟазара. Сзанааҭ ала аусура сқәашьымхеит, аха уи сахьхәны сыҟаӡам. Абри аус аҟны смоделиеруп ҳәа схы сыԥхьаӡоит", — лҳәеит Кочал-ипа.

Ателие аҟны аусутә еснагь ирацәоуп, аусура ашҭахь инхо ацәынхақәагьы рацәоуп. Урҭ ирылхноуп акьанџьақәа рымаҭәагьы шылӡахуа.

"Зегь ахьхацыркхаз, саныӡахуаз иаанхоз аба ҽыҭқәа ркажьра ахьрыцҳасшьаз ауп. Абарҭ ацәынхақәа рыла салагеит акьанџьа маҭәа аӡахрагьы. Аиҳарак бзиа избоит абархат, авелиур реиԥш иҟоу абақәа", — лҳәоит лара.

Лара иазгәалҭоит акьанџьақәа рзы амаҭәа аӡахра еиҳагьы ишыуадаҩу, иуӡахуа ахәҭаҷқәа рышәагаа ахьмаҷу азы.

Иара убри аан хьаас илымоуп акьанџьақәа хаҿыла аԥсуаа иахьреиԥшым, аиҳаракгьы аҷкәынцәа. Аха ус шакәугьы, лара илыллыршоит маҭәала урҭ аԥсуа ԥшра рыҭара.

"Маҷ-маҷла сгәаҳәара сзанааҭ иахәҭакны иҟалеит. Иџьоушьаша, саныхәыҷыз акьанџьақәа снапахьы раагарагьы сҭахымызт. Уажәы, усҟан сзыхҟьаз насыгӡошәа сҟалеит",  - ҳәа длафуеит лара.

Мака Кочал-ипа ателие аҟны аус луеижьҭеи хышықәса ирықәуп, акьанџьақәа рымаҭәа лӡахуеижьҭеи – шықәсык.

"Аиашаз, сусумҭақәа бзиа избоит. Исҭахуп урҭ сусурҭа ҭыԥ аҟны еиваӷӷа иқәгылазар. Рыҭира аасҭа ҳамҭас аӡәы исҭар сгәы иахәоит", — ҳәа азгәалҭоит Мака.

Ачарақәа, ашкол аушьҭрақәа, ахәыҷбаҳча аныҳәақәа уҳәа ирхырҟьаны аусутә еснагь ирацәоуп. Зегьы ирҭахуп амилаҭ-цәа рҟәынны иҟазар. Убри аганахь ала аԥсуа милаҭ маҭәа аҭоурыхгьы бзианы иудыруазароуп.

"Зны-зынла иаҳзааиуа аӡӷабцәа ирҭахуп акаламҭра змоу аҵкы рӡахырц, аха акалам, уи ахаҵа маҭәа иатәуп. Аԥҳәыс усеиԥш ацәамаҭәа анылшәылҵоз шьаура данцоз акәын. Ҳара иаҳҳәоит уи аԥҳәыс ишылтәым аха дара ирҭаху ишырҭаху иршәызар ауп. Абри аганахь ала аҭоурыхдырыҩцәагьы аԥҳәыс лымаҭәа акаламҭра аҭаны ишәымӡахлан ҳәа ҳарҳәахьеит. Уи иагьиашоуп. Уи адагьы аԥсуа ԥҳәыс лцәамаҭәа зырԥшӡо акыр ирацәоуп", — лҳәоит амоделиер.

Лара иазгәалҭоит лус акыр икылыршәшәааны дшазнеиуа, ишылҭаху лнапкымҭа аҽаӡәы инапкымҭа иаламҩашьо иҟазаарц.

Ажәабжьқәа зегьы
0