Аҳақьым хада: араион ахәыҷқәа реиҳарак алаҵа рымам

© Sputnik / Томас ТхайцукАвакцинациа
Авакцинациа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҳәатәи ганконгтәи аимҳәақәа рзы Гәылрыԥшь араион аҟны ахәыҷқәа алаҵа рзыҟаҵара аанкылоуп ҳәа ҳкорреспондент иеиҳәеит Гәылрыԥшь араион аҳақьым хада Гурам Шьоууа, аҩаша, ажьырныҳәа 17 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 — Sputnik, Бадри Есиава. Гәылрыԥшь араион ахәыҷқәа рҭаацәа реиҳараҩык рыхшара аҳәатәи ганконгтәи аимҳәақәа раԥырҟәҟәааразы алаҵа рзыҟаҵара мап ацәыркит ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Гәылрыԥшь араион аҳақьым хада Гурам Шьоууа, аҩаша, ажьырныҳәа 17 рзы, ҳкорреспондент диҿцәажәо.

"90 процент аҭаацәа мап ацәыркит рхәыҷқәа алаҵа рылаҵара. Убри инамаданы аусмҩаԥгатә аанаҳкылеит. Аҭаацәа асеиԥш рхымҩаԥгашьа амзызқәа ртәы ҳәа акгьы ҳазшәаҳәом, аха аҳақьымцәа алаҵа аҟаҵара азин рымам аҭаацәа рақәшаҳаҭрада", — иҳәеит Шьоууа.

Аҳақьым хада иажәақәа рыла араион аҟны иахьатәи аамҭазы аимҳәа рылаҵәоуп ҳәа узҳәом, аха амедицинатә усзуҩцәа иара жәабранмзазы аҽарцәгьап ҳәа агәаанагара рымоуп. Араион аҟны 3500-ҩык ахәыҷқәа ыҟоуп, урҭ адиспансеризациа рахыжьразы иҟоу ҳақьым заҵәык иоуп.

"Ҳәарада ҳақьымк иҟазаара азхоны иҟам ариаҟара аусура ҭбаазы, аха апроблема дук аныҟам аусурақәа планла имҩаԥысуеит", — иҳәеит Шьоууа.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит адуцәа рдиспансеризациа аныҳәақәа ирхырҟьаны ишаанкылаз. Урҭ ирыцҵахоит 2017 шықәса жәабранмзазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0