Аҟәатәи ахшараиурҭа аҳақьым хадас дҟаҵоуп Белла Ԥлиаԥҳа

© Sputnik / Леон Адлейба Младенец
Младенец  - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2014 шықәса раахыс Аҟәатәи ахшараиурҭа аҟәша аиҳабыс аус луан Рита Ҭраԥшьԥҳа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17— Sputnik. Рада Ажьиԥҳа. Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Аслан Берзениа идҵала Белла Ԥлиаԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабыс дҟаҵоуп. Абри атәы Sputnik иазааицҳаит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы Рустам Занҭариа.

"Иахьа Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Аслан Берзениа идҵала Белла Ԥлиаԥҳа Ареспубликатә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабыс дҟаҵоуп. Иахьа уажәраанӡа Белла Ԥлиаԥҳа аус луан агеникологиа аҟәша аиҳабыс. Ари азанааҭ аҟны аус луеижьҭеи акыршықәса ҵуеит", — иҳәеит Рустам Занҭариа.

Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура аиҳабы иазгәеиҭеит ахшараиурҭа аҟәшаҟны анапхгара рыԥсахра ахәҭаны аҭагылазаашьа шышьақәгылаз.

"Ахшараиурҭа аҟәшаҟны Рита Ҭраԥшьԥҳа хышықәса ҵуеит ҳақьым хадас аус луеижьҭеи. Ааигәа уи лнапынҵақәа рҟынтәи лхы дақәиҭтәуп. Иахьатәи аамҭазы ахшараиурҭа аҟәшаҟны анапхгара рыԥсахра ахәҭаны аҭагылазаашьа шьақәгыланы иҟан", — иҳәеит Занҭариа.

Ажәабжьқәа зегьы
0