Асахьаркыратә напхгаҩы: аԥсуа студентцәа аԥеиԥш бзиақәа рзыԥшуп

© Sputnik / Илона Хварцкия"Щука" аԥсуа студиа астудентцәа
Щука аԥсуа студиа астудентцәа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва, ажьырныҳәа 15 рзы "Щука" аԥсуа студиаҿы имҩаԥысит ахәылԥаз. Астудентцәа иқәдыргылеит Уильиам Шекспир, Николаи Гоголь, Антон Чехов, Карло Гольдони, Еврипид рырҿиамҭақәа ирылхыз аспектакльқәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18  – Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Борис Шьчукин ихьӡ зху Атеатр аинститут аԥсуа студиа астудентцәа ԥхьаҟа аԥеиԥш бзиа змоу роуп ҳәа азгәалҭеит астудиа асахьаркыратә напхгаҩы Елена Одинцова. Иара убри аамҭазы лара илҳәоит дара ишырзымхо аҽеидкылашьа, ахықәкы азнеишьа.

"Ус шакәугьы иҟоуп акыр сзыргәырӷьо астудентцәа—Девид Ԥлиа, Инал Инаԥҳа, Ирина Делԥҳа, Гәрам Кәыҵниа, Руслан Жьиба", — лҳәеит Одинцова.  Илҳәеит иара убасгьы макьаназы раԥхьаҟа аамҭа шрымоу  русуреи рдисциплинеи реиуаршәаразы.

Ахәылԥаз ҩ-сааҭки бжаки ицон. Ахәаԥшыҩцәа ирыдгалан еиуеиԥшымыз аусумҭақәа. 

Шьчукин ихьӡ зху аинститут аԥсуа студиа астудентцәа ргәыԥ аԥшьаша, рашәарамза 30 рзы имҩаԥнагеит акласс-концерт. - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи "Шьчукинаа" Аҟәа имҩаԥыргеит акласс-концерт

"Ахәылԥаз аҿы ицәыргаз аусумҭақәа зегьы урхыҽхәаратәы иҟоуп. Дарбанызаалак астудент илиршеит  алҵшәа бзиақәа раарԥшра. Ҳәарада дара-дара реидкылара иашам. Дасу имоуп ихатәы ҟазшьа, ихатәы лшара. Ахәылԥаз аҟны иқәыргылан: "12 ночей" (Шекспир), "Кавказский меловой круг" (Брехт), "Мертвые души" (Гоголь)" уҳәа ирацәаны, — лҳәеит лара.

Асахьаркыратә напхгаҩы лажәақәа рыла  акафедраҿ ишьақәдырӷәӷәеит адиапломтә спектакльқәа хԥа рзы азыҳәақәа.

"Аҵаратә шықәс анҵәамҭазы аспектакльқәа руак Аҟәаҟа аагара гәҭакны иҳамоуп. Сгәы иаанагоит уи  "Софичка" (Фазиль Искандер) акәхоит ҳәа", — лҳәеит Елена Одинцова.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0