ЕгрыГЕС: жәабран 15 рышьҭахь Аԥсны афымцалашара аиура аанкылахар алшоит

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕгрыГЕС
ЕгрыГЕС - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
ЕгрыГЕС атехникатә директор Гиа Хубуа далацәажәеит афымцастанциа атехникатә ҭагылазаашьа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18  –Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. ЕгрыГЕС атехникатә директор Гиа Хубуа афымцастанциа атехникатә ҭагылазаашьа  далацәажәо иҳәеит 2017 шықәса жәабранмза 15 инаркны Аԥсныҟа афымцалашара аушьҭра аанкылахар алшоит ҳәа.

"Иахьатәи аҭагылазаашьа убасеиԥш иҟоуп, жәабранмза абжара анахыс аӡы азымхара иахҟьаны  афымцастанциа аанкылатәхоит. Афымцамчгьы Урыстәылантәи аахәара ҳалагар акәхоит" — иҳәеит иара.

Ҳазну аамҭазы Џьуартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы аҩаӡара 453 метра инаӡоит. Ахархәара аиур алшоит  аҽа 35 метра. Абри ацәаҳәаҟынӡа ианнеилак афымцастанциа аанкылатәхоит.

Ахада иҳәеит Игры ГЕС аҟны акраамҭа аремонт зызумыз аӡымҩангагақәа 2017 шықәса рзы иаанкылахар алшоит ҳәа - Sputnik Аҧсны
Ҳаџьымба: 2017 шықәса рзы Егры ГЕС аанкылахар алшоит

"Иаҳҳәап иац, уахыки-ҽнаки рыла иныхын метрабжак аӡы. 35 метрагьы аныхра  уадаҩӡам, ирласны инырхуеит. Аԥсны уахыки-ҽнаки рыла ахы ианархәоит 8 миллион киловаттсааҭ" — иҳәеит Хубуа.

"Амшынеиқәафымцамч" анџьныр хада Ҭимур Кациа ишьақәирӷәӷәеит аӡы алаҟәышьа шыҟоу ала жәабранмза абжара нахыс ЕгрыГЕС аҟынтәи Аԥсны фымцалашарала аиқәыршәара алымшо ишыҟало.

Уаанӡа, "Амшынеиқәафымцамч" адиректор хада Аслан Басариа иҳәахьан ЕгрыГЕС аҟынтәи афымцазоужьра аанкылахар, ареспублика фымцала аиқәыршәаразы Урыстәылатәи аган  алархәны азҵаара аӡбра аҭахароуп ҳәа.

ЕгрыГЕС аус ауеит 1978 шықәса раахыс. Агидроагрегатқәа Аԥсны иахьаҵанакуа игылоуп, аӡеизакырҭа – Қырҭтәыла иахьаҵанакуа иҟоуп. Амчхара— 1300 мегаватт инаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0