Нури Ҭаниа Аԥсны аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩыс далхуп

© Sputnik Бадрак АвидзбаНури Таниа
Нури Таниа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизара аилатәара мҩаԥысит ахаша, ажьырныҳәа 18 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 18  - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Жәлар Реизара аилатәараҟны адепутатцәа рыбжьы рҭиит Нури Ҭаниа Аԥсны аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩыс иалхразы. Аилатәара мҩаԥысит ахаша, ажьырныҳәа 18 рзы. Абри атәы аҭыԥ аҟынтәи иаҳзааицҳаит ҳкорреспондент.

"2016 шықәса ԥхынҷкәын 28 рзы Нури Ҭаниа ианашьан аиустициаз аҳәынҭқарратә бжьагаҩ иквалификациатә чын ахԥатәи аҩаӡара – аиустициа аинрал-маиор ҳәа" — иҳәеит Нури Ҭаниа икандидатура дахцәажәо Апарламент аҟны Аԥсны Ахада ихаҭарнакыс иҟоу Дмитри Шамба.

Маӡалатәи абжьыҭира иалахәын 27-ҩык адепутатцәа, урҭ рҟынтәи 24-ҩык Нури Ҭаниа икандидатура иадгылеит.

Аԥсны Апарламент аиҳабы Валери Бганба аӡбаҩ ҿыц идиныҳәалеит, изеиӷьеишьеит иусураҟны ақәҿиарақәа.

Апарламент уаанӡа аконституциатә ӡбарҭа аӡбаҩцәас ишьақәнарӷәӷәахьан 

Рауль Пантиеи Лиудмила Хоџьашьвилии. Зынӡа иалырхраны иҟоуп хыԥхьаӡарала хәҩык аӡбаҩцәа. Аԥсны азакәанԥҵара инақәыршәаны аӡбарҭа аусура хацнаркыр алшоит хҩык аӡбаҩцәа аналырхлак ашьҭахь.

Нури Ҭаниа 2016 шықәса цәыббра 28 раахыс Аԥсны Апрокурор хадас дыҟан. 1989 шықәса рзы ААУ далгеит. Убри аахыс еиуеиԥшым амаҵзурақәа инапы ианын аҩныҵҟатәи аусқәеи аӡбарҭатә органқәеи рсистемаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0