Фат Смыр ихәышәтәразы миллион мааҭ аԥара еизыргеит

© Фото : Алан ВоубаФат Смыр
Фат Смыр - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русзуҩ, апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" алахәыла Фат Смыр ахирургиатә операциа изура арыцхә шьақәыргылам, аха жәабранмза актәи аҟәшаан имҩаԥгахарц иазыԥхьагәаҭоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik. Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа русзуҩ, апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" алахәыла Фат Смыр ахирургиатә операциа изура арыцхә шьақәыргылам, аха жәабранмза актәи аҟәшаан имҩаԥгахарц иазыԥхьагәаҭоуп. Фат Смыр аоперациа изуразы 340-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра хымш рыла еизыргеит миллион мааҭ аԥара. Абри атәы  апроект "Ишьхатәылоу Аԥсны" анапхгаҩы Ҭенгьиз Ҭарба асоциалтә ҳаҟны идаҟьаҿы  аԥхьаҩцәа ирзеиҭеиҳәеит.

Фат Смыр - Sputnik Аҧсны
Ацхырааҩ ацхыраара иҭахуп

"Аҳәара ҟасҵоит зегьы адырра рышәҭарц аԥареизгара шхыркәшоу азы. Макьанагьы ауаа аҭел исзасны ирҳәоит ацхыраара ҟарҵар шырҭаху. Уажәы, аҳақьым Алхас Аџьынџьали сареи аоперациа ахьыҟаҳҵаша аҭыԥ алхра ҳалацәажәоит. Аоперациа жәабранмза  алагамҭазы аҟаҵара азыԥхьагәаҭоуп. Нас, Фат изыԥшуп акраамҭатәи аиҭашьақәыргыларатә уснагӡатәқәа", — ҳәа арбоуп Ҭарба идырраҭараҟны.

Уаанӡа Ҭенгьиз Ҭарба асоциалтә ҳақәа рҟны адырра ҟаиҵеит апроект алахәыла Фат Смыр ацхыраара шиҭаху азы, ааԥхьарагьы ҟаиҵеит  афинанстә цхыраара аҟаҵаразы. Уахыки-ҽнаки рыла еизган иаҭахны иҟоу ахыԥхьаӡара абжеиҳара. 

Фат Смыр Аԥсны Аԥагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрраҟны аус иуеит жәашықәса инарзынаԥшуа. Шамахамзар аминистрра имҩаԥнагоз аԥшаарақәа зегьы дрылахәын. "Ишьхатәылоу Аԥсны" аекспедициақәа зегьы дрылахәын. 


Ажәабжьқәа зегьы
0