Аԥсны аимҳәачымазараз ахәышәтәырҭа аартра инахоит

© Sputnik Томас ТхайцукА хәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылара
А хәышәтәырҭа аиҭашьақәыргылара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ареспубликатә аимҳәачымазараз ахәышәтәырҭа диспансер адиректор Џьумбер Гоԥиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аартра иацу апроблемақәа ртәы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ареспубликатә аимҳәачымазараз ахәышәтәырҭа диспансер адиректор Џьумбер Гоԥиа Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахәышәтәырҭа аартра иацу апроблемақәа ртәы. Иара иазгәеиҭеит ахәышәтәырҭа аартра аҿҳәара ишнахоу.

Адиспансер ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылаган 2012 шықәса рзы, ихыркәшан 2015 шықәса рзы аха ахыбра ӡыла аиқәыршәара ахьышьақәыргылам иахҟьаны аусура изалагом. Уаанӡа Агәабзиарахьчара аминистр Андзор Гоов аҳәамҭа ҟаиҵахьан  аремонттә усурақәа 2016 шықәса рзы ихыркәшахоит ҳәа. Уи ашьҭахь адиспансер аадыртраны иҟан. Аха аӡеизакырҭахь уназго амҩа амшцәгьақәа рышьҭахь уанысуа иахьыҟамлаз азы аусурақәа аанкылахеит.

"Аӡеизакырҭа аремонт азура хацыркхарц азы уахь уназго амҩа аремонт азутәхеит. Амҩа шааҟарҵалак, аӡеизакырҭагьы аремонт азура иалагоит. Абас, 2016 шықәса рзы ахәышәтәырҭа аусура иалаҳаргоит ҳәа ҳашгәыӷуаз, аҿҳәара еиҭаагар акәхеит", — иҳәеит Гоԥиа.

Иԥхасҭахаз амҩа аура жәа-километрак аҟынӡа инаӡоит, ауадаҩра ҟанаҵоит иара аҿыбгарра  ахықә иқәсны иахьнагоугьы.

Адиспансер ахыбра аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа ирылаган 2012 шықәса рзы, ихыркәшан 2015 шықәса рзы. Аусурақәа мҩаԥган Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны. 

Ажәабжьқәа зегьы
0