Урыстәылатәи аинвесторцәа азыхиоуп Аԥснытәи амедицина аҿиара 100 миллион мааҭ аларгаларц

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәылатәи аинвесторцәа азыхиоуп Аԥснытәи амедицина аҿиара 100 миллион мааҭ аларгаларц
Урыстәылатәи аинвесторцәа азыхиоуп Аԥснытәи амедицина аҿиара 100 миллион мааҭ аларгаларц - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Урыстәылатәи амедицинатә холдинги аинвестициақәа ирылацәажәеит ахаша, ажьырныҳәа 25 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 26 — Sputnik, Владимир Бегунов. Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Урыстәылатәи амедицинатә холдинги аинвестициақәа ирылацәажәеит ахаша, ажьырныҳәа 25 рзы. Дара азыхиоуп Аԥсны 30-100 миллион мааҭ рыхә аҟынӡа иаԥсахо амедицинатә усҳәарҭақәа рыргылара. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит ахолдинг "Дельрус" апрезидент Иулаи Магадеев.

Магадеев иажәақәа рыла анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа макьаназ иҟам, урҭ ҩымз рышьҭахь еиҿкаахоит.

"Ҳара Аԥсназы иҳамоу аинформациа рацәам. Адокументқәа ҳнапы рыҵааҩаанӡа иҭаҳҵааша рацәоуп. Ҳаиԥыларақәа раан ҳара ҳрылацәажәон Аԥсназы аԥыжәара змоу ахырхарҭақәа", — иҳәеит Магадеев.

Аинвестор ишазгәеиҭаз ала иахьазы рызҵаара шьҭыхуп акардиоцентри ахшараиурагәабзиарахьчаратә центри.

Ахолдинг "Дельрус" апрезидент Иулаи Магадеев Sputnik Апсны иеиҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

"Агәабзиарахьчара аминистрраҿы иазырыԥхьаӡоит адиализ азы аклиника хымԥадатәиуп ҳәа. Усеиԥш иҟоу аклиника аргылара уадаҩрак алаӡам, аха ҳара уи еиҳа ихаданы ҳахәаԥшуам", — иҳәеит аинвестор.

"Дельрус" ҭҵаарадырра-ааглыхратә еилахәыроуп. Урыстәылеи ИАР атәылақәеи рҟны амедицинатә хархәагақәеи аныхтә материалқәеи рхолдингқәа иреиҳау акоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0